Хәажәкыр 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Марыхәтәи акаҵәараҿы

Ааигәа ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи аҧшааратә еқспедициа "Марыхә. Ашьхаҳаракыратәи афронт – 2022", В.Г. Арӡынба ихьӡ зху ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи Аҧсны Россотрудничество ахаҭарнакреи еиҿыркааз, – адырраҭара ануп Феисбук аҟны амузеи адаҟьаҿы.

Август 29 инаркны сентиабр 2 азынӡа аҧшаарақәа ирҿын аӡиасқәа Аӡҕареи, Адангеи, Аладатәи Марыхәи ахьеилалауа аҭыҧ аҟны, иагьырбеит уаанӡа џьаргьы иарбамыз, ҩажәаҩык инареиҳаны асоветтә еибашьцәа анышә иахьамадаз аҧсыжырҭа.

Иаарту ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, аҧсыжырҭа ҟаҵан 1942 шықәсазы, аха еиуеиҧшым ашықәсқәа раан ашәарыцаҩцәа, атуристцәа, аҿар ртуристтә клубқәа рлахәылацәа иаадырҧшуаз асовет солдаҭцәа рыҧсыбаҩқәа анышә иарҭон 1980-тәи ашықәсқәа рыбжаразынӡагьы. Аҵыхәтәантәи аҧсыжра аныҟаз 1985-1986 шықәсқәа рзы акәын. Уи зыбзоураз Зегьеидгылоутәи аҭоурых-патриоттә еқспедициа "Атәылахьчара амҩахәасҭа" ауп.

Ашықәсқәа еишьҭала ицон, анышәынҭра иахыҵәеит аҵлақәа, ачықьқәа, аҳаскьын, иара ахьыҟаҵәҟьоу аҭыҧ аӡәгьы еилкааны издыруамызт. Аеқспедициа иалахәыз аҭыҧ акәша-мыкәша дрыцқьеит, иршәеит-ирзеит, ахсаала ҭырхит, изеиҧшраз еилыркааит, адырга-ҵәҩанхәыҷқәа адырсит. Иара убас ишьақәдыргылеит аусурақәа рымҽхак, иҭахаз Аџьынџьтәыла ахьчаҩцәа рыҧсыжырҭа арыцқьаразы иаҭахыз амалқәа инықәырҧшны ирыҧхьаӡеит. Абарҭ адырраҭарақәа зегьы дәықәҵахоит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩи, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩи, акультура Аминистрреи рахь.

Агәыҧ иалахәыз анаҩс Марыхә акаҵәара аладатәи анаарақәа рахь ииасит. Убраҟа ирбеит 1942 ш. ҭагалан фырхаҵала иҭахаз Марыхәтәи ахырхарҭа архәҭақәа ргәыҧ аибашьцәа быжьҩык рыҧсыбаҩқәа. Урҭ Аҟәаҟа илбааргеит, аӡбара-медицинатә еқспертиза Ареспубликатә биуро аҟны ишьҭарҵеит аҵәахразы, аҭҵааразы. Иаҭаху аусмҩаҧгатәқәа зегьы анхыркәшахалак, арратә ҵасқәа зегьы нагӡаны аҧсыбаҩқәа анышә иаҭахоит. Аҧсыжра аныҟало азы заа адырра ҟаҵахоит.

Абри аусмҩаҧгатә алыршахеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба ицхыраарала, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалов инапхгарала, атәылахьчара Аминистрреи, ашәарҭадара Аҳәынҭарратә маҵзуреи,  акультура Аминистрреи, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи иҟарҵаз адгыларала. Уаанӡатәи ашықәсқәа раан аиҧш, аекспедициа  хықәкы хадас иаман 1942-1943  шықәсқәа раан Кавказ ахьчара зхы ақәызҵаз асовет солдаҭцәеи аофицерцәеи рыҧсыбаҩқәа, џьаргьы иарбамыз рыҧсыжырҭақәа рыҧшаара.

Аҧсны аганахьала уи иалахәын ацнапхгаҩы – В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша амузеи адиректор лхаҭыҧуаҩ Николаи Медвенски, амузеи афондқәа рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Светлана Альмешева, аҧшааҩцәа –"Аҧсны аҧшааҩцәа рхеидкыла" анапхгаҩы агәыҧ  аҳақьым  Гели Какәбаа, амҩаныза Мирон Ҭаниа, Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аусзуҩ Алеқсандр Чача, "Аҧсныпресс АРТФ" афотомаҵзура анапхгаҩы Владимир Попов. Урыстәыла аганахьала аеқспедициа ацнапхгаҩы Аҧсны Россотрудничество ахаҭарнакра аусзуҩ, ашьха зыҟаҵара азҟаза Евгени Павлов, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи  7-тәи арратә база ахаҭарнак.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me