Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәаахәҭра ахаҭарнак лҧылара

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭра ахаҭарнак Залина Кобесова.

Сентабр 1 азы змаҵуратә уалҧшьақәа рынагӡара иалагаз Залина Кобесова длыдныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада агәыҕра шимоу иҳәеит лҵшәабзиала аусеицуразы.

"Ишьаҭаркны сақәгәыҕуеит аекономикатә хырхарҭақәа рыла ҳусеицура акырӡа еиҕьхап ҳәа. Ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳадгылоит", – иаҵишьит Бжьаниа.

Залика Кобесова Ахада аиҧыларазы ҭабуп ҳәа иалҳәеит.

"Сара исҭахуп ҭабуп ҳәа шәасҳәарц хаҭала ҳаибадырразы аамҭа ахьышәыҧшааз. Агәра згоит, хаҭала аибадырра аҭахуп ҳәа, Аҧсны анапхгара иҳарҭо адгылара ада ҳҿаҧхьа ишьҭоу ауснагӡатәқәа рҭыҧ рықәҵара уадаҩхоит. Сақәгәыҕуеит Аҧсны анагӡаратә мчра аусбарҭақәа, иара убас аус зцысураны иҟоу аилазаарақәа рҟны аибадыррақәа рганахьала шәышҳадгыло", – иазгәалҭеит ахәаахәҭра ахаҭарнак.

Аслан Бжьаниеи Залина Кобесоваи рылацәажәеит ҩ-ганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иамадоу хра злоу азҵаарақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me