Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иалацәажәеит аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара азҵаара

 

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа агемодиализ аҟәша аиҳабы - Ирина Андреевеи аҳақьым–анефролог Марҭа Ҳаразиеи - агемодиализ аҟәша ачымазаҩцәа  аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара иалацәажәеит.

Ари аԥшьгамҭа алыршахеит Едуард Быҭәбеи академик Шумаков ихьӡ зху НМИЦ адиректори Сергеи Готиеи Москва реиԥылараан. Актәи аетап аан иалацәажәан амедицинатә ԥгаԥсала аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара азҵаара. Ари азҵаара Едуард Быҭәба хаҭала ахылаԥшра аиҭоит.

Аминистр аҳақьымцәа рнапы ианиҵеит ачымазаҩцәа рыҿцәажәара мҩаԥыргарц, атрансплантациа апрограмма зхы алазырхәырц зҭаху рсиа шьақәдыргыларц.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me