Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конргесс аизара ду аҟны Екатерина Бебиа лықәгылара.

Аҧсуа ҩы аӡыргаразы

20 Ажьырныҳәа 2023 09:12

Аҧсуа ҩы зцым ныҳәак, еишәа-чарак ыҟам аҧсуа ҩнаҭа аҟны. Жәытә-натә аахыс аҧсуа изы – аҩы акыр аанагоит, ҳаҭыр изақәуп.

Ажь аарыхра, уи иалхны аҩы аҟаҵара аҧсуа ицәтәымым, ашәышықә­сақәа иргәылсны иаауеит  ари акультура.  Ҧсыуа ҩнаҭацыҧ­хьаӡа аӡахәа змааӡо, зхатә ҩы ҭазымҭәо дуҧылом шамахамзар. Иазгәа­ҭатәуп, иахьа аҩы  шыржәуа еиҧш рхы шымҩаҧырымгоз ажәытәан, арыжәтә рхы иадырхәон еицәа­жәагас, аамҭагагас, ҳаҭыр еиқәҵагас.

Ажәабжь хәыҷык аҭоурых

29 Ԥхынкәын 2022 14:32

Руслан Ратиеи сареи 1970 шықәсазы абжьаратә школ ҳалгеит. Иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз, зыӡбахә сымоу аамҭақәа  раан Арасаӡыхьтәи аа-шықәсатәи ашкол аҿы арратә ус дзырҵоз Шьашь Сааҭ-иҧеи, сашьеиҳаб, агәыбжьанытә, арҵаҩра аганахьала  акыр шықәса инеиҧынкыланы  аус зухьоу, уажәы тәанчара иҟоу Шьалуеи, ҳҩыџьагьы Аҟәа ҳрыманы иааит аинститут ҳҭарҵарц. Арзаҳалқәа алаҳҵеит. Сара усҟан ада Аҟәа смаацызт, Руслангьы ус акәхарын. Аҧошьҭа азааигәара ҧҳәыск лҿы қьырала иныркылаз ауада рацәак хара ҳаҧырҵны ҳцомызт, ҳҟьалар ҳәа ҳшәон…

Ҳазну амзазы ихыркәшан ашьапылампыл асразы Адунеизегьтәи ачемпионат. Арҭ ацәаҳәақәа равтор ашьапылампыл сшазҿлым­ҳамгьы ари ачемпионат афинал иахәаҧшыз сыруаӡәкуп. Ашьапылампыл даара бзиа избо, акоманда «Зенит»иалоу сыҷкәын хәыҷы Алан ибзоу­рала саргьы сфанатхеит Аргентина азы ихәмаруа, адунеи иачемпионхаз Лионель Месси изы.

Агәыҕрақәа здаҳҳәало

29 Ԥхынкәын 2022 14:25

Абар мышқәак роуп иагу Ашықәс ҿыц ааира. 2022-тәи ашықәс наскьаго ҳҭалоит гәыҕра шәкы здаҳҳәало 2023-тәи ажьа ашықәс. Инаскьааго ашықәс азгьы гәыҕра шәкы ҳаман, аха ишдыру еиҧш даара иуадаҩны имҩаҧысит: адунеи зегь зымҽхазкыз ачымазара «Ковид-19» уҳәару, Украина имҩаҧысуа аибашьра уҳәару даара ахынҭа-ҩынҭарақәеи аҧсыҭбарақәеи рыла иҭәу шықәсхеит… Аха, дырҩегьх,  ҳгәыҕра ҳеижьом,  ҳгәыҕуеит ҳазҭало Ашықәс ҿыц инаскьааго аасҭа ишҧеиҕьымхари ҳәа, «агәыҕра аҵыхәтәанынӡа иҧсӡом» рҳәоит, ажәаҧҟаны.

Бзиала уаабеит, Жьакәыр!

29 Ԥхынкәын 2022 14:23

Ашықәс Ҿыц згәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшу еиҳараӡакгьы ахәыҷқәа роуп. Урҭ ахыццакуеит Аҵаа Бабаду ирзааиго аҳамҭақәа рбара. Аха ахәыҷқәа инарываргыланы адуцәагьы ари аныҳәа ргәыҕрақәа, ргәазыҳәарақәа адырҳәалоит. Иааиуа ашықәс ҿыц аҟны аизҳара, аманшәалара, агәабзеира уҳәа бзеиарас иҟоу зегьы ирзыҧшуп. Ус акәны Анцәа иҟаиҵааит.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me