Арратә-патриоттә усмҩаԥгатә «Аиааира ахылҵшьҭра» мҩаԥысит ахақәиҭра ашҭаҿы

Уи рхы аладырхәит ақалақьқәа Аладатәи Новгороди Аҟәеи рҟынтәи арра-патриоттә лагерь «Десантникс сҟалар сҭахуп» ааӡамҭацәа.

Аҟәа ақалақь ахадара аҵарадырра аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл еизаз ирыдылныҳәалеит, инаҵшьны иазгәалҭеит еиҵагыло аҿар апатриотизм рылааӡара аҵак ду шамоу, дазааҭгылеит арҵаҩцәа русура иацу аџьабаа, ирзеиӷьалшьеит ақәҿиарақәа:

«Ари амш иаҳгәаланаршәалааит абиԥарақәа ракзаара, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш лаша. Ишәзеиӷьасшьоит аԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа, агәабзиара, шәусураҿы агәацԥыҳәара». Ааӡамҭацәа инарыгӡеит ашәақәа «Аиааироуп иаҳҭаху», «Кавказ агимн». Иара убас, иаадырԥшит автомат аизгареи аимыхреи рҿы ирылоу аҟазара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me