Ажәылара ашьҭахь иаанхода?!

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ремзи Кәыҵниа – аибашьра зегьы дахысит. Изныкымкәа дхәын. Аснаипер, агранат аршәга ала ахысҩы , арота акомандаҟаҵаҩ, Мрагыларатәи афронт ахәбатәи абаталион ахԥатәи аполк аштаб аиҳабы.

Ианашьоуп Леон иорден. Ремзи аибашьра атәы алацәажәара зцәыбаргу дреиуоуп. Аиҿцәажәара ҳалагаанӡа ҳгәаҳҽаниҵеит, зҵаарақәак рҟны ишаанхо. Иааигәа иҟаз аибашьцәа рыӡбахә шимҳәо, аӡә дицәабжьахар аасҭа.

Ремзи Аҭаратәуп, занааҭла декономиступ. Арратә маҵзура дахысуан Ашьхатә Ҟарабах. Аԥсуа гвардиа анеиҿыркаа уахь далалеит.  

«Агвардиа анеиҿыркаа снеит сахьахәо акрыҟазар ҳәа. Аԥышәа сыман. Афган аҽазыҟаҵара сахысхьан. Аԥсны аибашьра ишалагоз убаратәы иҟан, уи хырԥашьа амаӡамызт. Агвардиа иабзоураны, ахҭысқәа ирылагар, доусы дахьцаша идыруа дыҟан», – еиҭеиҳәоит Ремзи.

Иара Ашьхатә Ҟарабах арра данахысуаз аибарххарақәа цон. Игәалашәеит, зны афицарки иареи реицәажәара. «Ҳгылан афицарцәа ҳаицәажәо. Руаӡәк дсазҵааит, «у вас могут быть такие события с грузинами?» ҳәа. Убри азҵаара есымша сазхәыцуан. Ҳлахьанҵа Ҟарабах ашьҭахь ирыӡбар шакәыз еилкааны иҟазар акәхарын…», – иҳәоит Ремзи.

Иара убасгьы иџьашьаны иҳәоит, 1989 шықәса рзы аԥсуааи ақырҭцәеи реидыслараан Мушьни Хәарцкиеи Витали Аҩӡбеи аԥсуа қыҭақәа рҿы иазгәаҭан ирымаз апозициақәа шракәу, аибашьра ианалага аамҭазы иаразнак иааныркылазгьы.  «Уи иаҳнарбоит, аԥсуа ишьа ишалоу аибашьышьа, ҷыдала аҵара имамзаргьы, ԥсабарала илоуп», – инаҵишьит аветеран.

Аибашьра ианалага Ремзи Украина дыҟан. Усҟан иара аус иуан афинансқәа рминистрраҿы. Уахь дышьҭын имаҵураныҟәарала.  

Адырраҭара «Вести» ала избеит аибашьра ишалагаз. Ацҳа ҟаԥшь ҳдырбон. Зегь кажьны ауха Адлер аҳаирбаӷәазаҿы сааит. Са сеиԥш изаҳаз еиҭа иҟалеит. Аҳәааҿы ҳанааи, ақырҭқәа неихьан. Ҳаагьежьын, шьоукы шьхала идәықәлеит, сареи еиҭа гәыԥҩык арԥарцәеи «Кометала» Гәдоуҭа ҳаӡхыҵит. Сентиабр 16 рзы Аԥсны ҳаҟан», – иҳәоит Ремзи.

Иара хымз инацны Гәымсҭатәи афронт аҿы деибашьуан, нас, вертолиотла Мрагыларатәи афронт ахь дцеит. Аҭара иҩны иаанханы иҟан ианду, иан, иаҳәшьа, иашьеиҵбацәа ҩыџьа. Иаби иашьеиҳаби,  иара иеиԥш абџьар иаҵагылахьан. Мрагыларатәи афронт ахь диасаанӡа, урҭ рыӡбахә инаҵыҩ-ааҵыҩны акәын ишидыруаз. Аҭагылазаашьа аныцәгьаха, аҭаацәа рыҩны аанрыжьыр акәхеит. Рҽеиҩшаны рыуацәа рахь ицеит, иаҳа иахьшәарҭамыз ҳәа.

Ремзи Аҭара – Аӡҩыбжьатәи абаталион далан. Аӡҩыбжьа ақырҭҵәа рнапаҟны ианыҟала, аҷкәынцәа Аҭараҟа ииасит. Ус еиҿкаахеит ҩ-қыҭак еидызкылаз агәыԥ. Нас, афронт ацәаҳәа анеиҿкааха, аҭаратәи абаталион ахала ишьақәгылеит. Ремзи дычча-ччо игәалаиршәоит аибашьра аамҭазтәи угәы шьҭызхша хҭыск.

«Ҽнак, аҷкәынцәа ҳахьеицәажәоз еибаҳҳәон, иарбан бџьару иаҳкыр зылшо. Сара арра сахьахысуаз авинтовка атәы сҵахьан аҟынтә, уи аӡбахә сҳәеит аҟароуп.  Мызкы ааҵуаны еиԥш, Асҭамыр Занҭариа, ԥсаҭа шкәакәа, иҿыцӡа авинтовка сзааигеит… Иудыруа атәы анубалак, иаҳа ҽакала уҟалоит. Аибашьраҿы иаҳҭахыз абџьар акәын… Иаразнак аимыхра саналага, иааимҿышәшәеит. Аҷкәынцәа иԥуҽит ари шьҭа иазаҳуеи, ҳәа ҿаарҭит. Шәымшәан, ари ус еиҿартәоуп ҳәа раҳәаны ргәы сырҭынчит».  

Мрагыларатәи афронт азы раԥхьатәи жәыларан Кәачара аҭарцәра. Усҟан ацхыраара ҳәа Гәымсҭатәи афронт аҟынтә иаашьҭын хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рыла ишьақәгылаз авзвод. Урҭ напхгара риҭон Мушьни Хәарцкьиа. Аоперациа қәҿиарала имҩаԥган. Абҵара 30 рзы ақыҭа аԥсуаа рнапахьы иааргеит.  

«Ашықәс ҿыц мышқәак шагыз, ақырҭцәа ажәылара ду мҩаԥыргараны иҟан афронт зегьы ала. Иаҳдыруан. Ацхыраара шҳауа ҳарҳәон, ҳгәы дырӷәӷәон… Адырҩаҽны убыс асы ауит, даргьы зҵысуамызт, ҳаргьы ҳазҵысуамызт. Абар ацхыраарагьы ахьҳауз ҳәа алаф еибаҳҳәон», – иҳәоит Ремзи аибашьра ахҭысқәа дрылацәажәо.  

Зегь реиҳа ицәгьаз афронт аҿы ҳәа азҵаара анықәсыргыла, аветеран иблақәа ацәаакыра рхубаало иҳәеит:

«Ишазаргьы, ихәлазаргьы, ажәыларахь ҳандәықәлоз, зегьы ҳнеихәаԥшы-ааихәаԥшуан, гәаныла зегьы еибаҳҳәоз ак акәын – иахьа иԥсуада, ажәылара ашьҭахь иаанхода. Есжәылара убри ҳазхәыцуан. Уи доусы ҳалақәа ирхубаалон».

Аибашьра ацәаҳәаҿы Ремзи идыррақәа егьырҭ аҷкәынцәа ирыцеиҩишон. Дара иаразнак ишьҭыркаауан. «Ахысшьа бзиан иаҳдыруеит. Шамахамзар, уи злымшоз дыҟаӡамызт», – азгәеиҭоит аветеран.

Аамҭаказы Ремзи арота командирс дҟалеит. Уи иднаҵаз аҭакԥхықәра атәы далацәажәо иҳәеит:  «Сара зегьы среиӷьын ҳәа акәӡам уи шыҟалаз. Иҟаз анҭахалак, ахәра анроулак, акомандаҟаҵара даҽаӡә иахь имиасыр ҟалом. Акомандаҟаҵара уи афильмқәа рҿы ишаҳбо акәӡам ишыҟоу, уара џьара утәаны, ур жәылара ицо. Ара зегьы уашьцәа роуп, угәылацәа, уҳабла иатәу, уқыҭа. Жәылара умцар ада ԥсыхәа амаӡам ҳәа ауаҩы иузиаҳәаӡом. Иахьынӡауаз зегьы аӡәаӡәала ҳрацәажәаны, рызнеишьа ԥшааны акәын ишыҟаҳҵоз. Аибашьра анынҵәоз аамҭазы, аԥсуа ар иҳамаз адунеи аҿы зегьы иреиӷьзар ҟаларын,  убасеибашьуан. Уи аибашьра ахаҭа иаҳнарҵеит. Аибашьра иацуп агыгшәыгра, аха ҳара ҳхы уи ҳзаҭәашьомызт. Ахаҵара ахьаарԥштәыз ажәылараан акәын», – иазгәеиҭоит аветеран.

Ирацәоуп аибашьраҿы ах­ҭысқәа. Ҳәарада, иҟоуп еиҭауҳәаша, иҟоуп иузеиҭамҳәогьы. Ремзи зеиҭаҳәара иҭахым маҷым, иҭахым иара убас ицеибашьуаз рыхьыӡ аҳәарагьы, аӡә дицәабжьахар ҳәа дшәоит. Еиҭеиҳәом иара убас еибашьышьа атәы. «Уи зҳәаша исывагылаз роуп», – насаҭаикит иара.

Афронтқәа реиқәшәара амш аҽны Ремзи Тҟәарчал агоспиталь аҿы дышьҭан. Ԥшьымш раԥхьа ахәра иоуит. Иара аибашьра зегьы иалагӡаны изныкымкәа дырхәхьан, аха абри сышьҭанаҵеит, иҳәоит игәы иаланы.    

Ремзи игәалашәоит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, ақырҭцәа зегьы рымчқәа еидкыланы, аԥсуа ар амацәаз ишҭаркыз. Ари дара рзы аҵыхәтәантәи жәыларахеит. Рымчқәа зегьы еизыргеит, аха акгьы рылымшаӡеит.

«Ҳаиҳа зымчу ҳәа рымҳәои аԥсуаа, убыс ак ыҟамзар, уи амш даҽакала инҵәон. Афильмқәа рҿы еиԥш иаалырҟьаны аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит. Дгьыл ҿаҵак ыҟамызт абзарбзан ахькамҳауаз. Еиқәхашьас иҳауз атәы аҳәара цәгьоуп. Уи ула иамбакәа, хаҵашьа амам», – иҳәоит Ремзи уи ажәылара атәы игәаларшәо.

Шықәсык аҟара иҭаххеит Ремзи аҭынч ԥсҭазаарахь дхынҳәырцаз. 1994 шықәса рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рмаҵзураҿы аусура далагеит.  «Ухала ухы унапахьы иааугароуп  акәымзар, уаҳа аибашьра алҵшьа амам. Уҩыза, уашьа данувыршьаауа,  уара цәеижьла уеибганы уҟазаргьы, ухы аиааира цәгьоуп», – иҳәоит аибашьҩы.  

Ремзи иахьагьы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрраҿы аус иуеит. Аиҳабы дихаҭыԥуаҩуп. 2014 шықәса рзы ианашьан ачын «ашәахтә маҵзура 1-тәи акласс змоу абжьгаҩ» ҳәа. Ҩыџьа арԥарцәа драбуп. Иҷкәынцәа раԥхьа иргыланы Аԥсуара рылаиааӡоит. « Аҵарарҵарлоуп, рыжәлар рымаҵ аура иақәшәартә еиԥш», – иҳәоит иара.

Альбина Жьиба

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me