Иара аартын 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра ахҭысқәа рахь узырхынҳәуа ашәа «Ахәрашәа, ахәра зырӷьо» ала. Ашәа нарыгӡон 413-ҩык ахәыҷқәа, ари ахыԥхьаӡара асимволтә ҵакы амоуп, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра цон 413 мшы.
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Ишәыдысныҳәалоит агәырӷьара зцу ари амш — Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра. Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара. Ҳақалақьи ҳаԥсадгьыли рзы ари аҩыза ахҭысқәа уаҳа ахаан иҟамлааит. Иахьа ашәа зҳәоз ахәыҷқәа аиҭаҿиара иасимволуп. Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз рзы иреиҳаӡоу ҳамҭоуп аҿар. Сгәыӷуеит, абас еиԥш иҟоу агәырӷьара зцу ахҭысқәа рымацара раан ҳаиқәшәалап ҳәа, уи иацу ахьаа еилкаауа», – иҳәеит Агрба.