Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба дырԥылеит аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш азгәаҭараз Тамбовнтәи иааз аделегациа

Ҭемыр Агрба аделегациа гәаартыла идикылеит, акыр зҵазкуа ари амш азы раара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

«Сара сеигәырӷьоит акрызҵазкуа амш аҽны ҳақалақь шәахьаҭааз. Иахьа шәара шәықалақь аҿгьы ныҳәоуп, Тамбовтәи атәылаҿацә аԥҵара иамшуп. Уи ара иазгәашәҭарц ахьышәыӡбаз даҽазныкгьы иарҵабыргуеит ҳақалақьқәа рыбжьара иҟоу аиҩызара. Иҭабуп ҳәа шәаҳәо иазгәасҭар сҭахуп ҳақалақь ашәқәа еснагь шәара шәзы ишаарту», — иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Тамбовтәи асасцәа аԥсуа жәлар ирыдырныҳәалеит, ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа рарҳәеит, ҳақалақьқәа рыбжьара аиҩызара аԥхьаҟагьы аҿиара шаиуазы агәыӷра аадырԥшит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me