Ҳҵеицәа ргәымшәара

05 Лаҵара 2023 10:39

Аҧсуаа ҳџьынџьтәылатә еиба­шьраҿы аҵеицәа гәымшәақәа азгылеит Река ақыҭангьы. Рекаа рыҷкәынцәа аибашьцәа рыӡбахә анаҳҳәо, еснагь ҳгәала­шәараҿы дыҟазаауеит Аҧсны ахьчаразы фырхаҵарыла иҭахаз, 23 шықәса зхыҵуаз Роман Шьаҭикәа-иҧа Кәартаа. Роман август 14 аҽны абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкын, уи иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа деибашьуан. Аибашьратә ҧышәагьы иман, избанзар 18 шықәса анихыҵуазгьы Афганисҭантәи аибашьрагьы далахәын, убри араҟа иҧсадгьыл гәакьаҿы аибашьра амца анакы иҩызцәа рҿы иаҳагьы агәрагара иоуит. Аха инамӡеит иара игәҭакы иҩызцәа дрыла­гыланы Аиааира амш аҧылара, аҕа хәымга ихы цаҳә-цаҳә игәаҵҕа ҿнаҵәеит. Роман дҭахеит, аха уи дызхьымӡаз игәҭакы – Аҧсны ахақәиҭтәра ҳара иҳалҳаршароуп ҳәа игылоуп уи иашьцәа Резои Ерики.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла иҟаз ахынҭаҩынҭарақәа ареспублика апрезидент Гамсахәрдиа иахҳәарахьы икылыргеит. Уи ашьҭахь иаҧҵаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахантәаҩыс Шеварднаӡе днеит, уажәы Қырҭтәыла ахадас дыҟоуп. Уи амчрахь даннеи нахыс итәыла, ақырҭуа жәлар бзиарак ахь икылигап ҳәа сгәы иаанагон. Аха аҭынчра ацымхәрас – ари «адемократ» еибашьрала иҭыҧ ахь дышнеиз еиҧш, иҽанышьақәирҕәҕәа Аҧсны аибашьра далагеит. Ҳажәлар ашьаарҵәыра илаиргылоит, ааха ижәларгьы бзиарак димырбеит, зықьҩыла рҵеицәа ҭахоит. Даҽакала ҟалашьа амоума, афашизм аазырҧшуа ҧсышьа цәгьа иоуеит.

 – Абас иҳәон еснагь иҩызцәа рҿаҧхьа, аибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа инадыркны забџьар шьҭыхны ҳаҕа хәымга иҿагылаз Хәаҧтәи арҧыс гәымшәа Хьерсон Иаҭма-иҧа Анқәаб.

Хьерсон (Мазик ҳәа хьыӡшьаран иарҳәон) Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ампыҵахаларатә архәҭақәа Аҧсны ианақәла уи аснаиперцәа ргәыҧ далалеит. Ишырҳәо еиҧш икылкааны ихысуаз, зхымҭа камшәоз иакәын иара.

Ааигәа Феисбук адаҟьақәа рҟны избеит Ҭырқәтәылантәи зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз,акыр шықәсқәа раахыс Аҧсны инхо ашәҟәыҩҩы,аиҭагаҩ,анџьныр, Б. Шьынқәба иҭоурыхтә роман «Ацынҵәарах» аҧсшәахьтә аҭырқәшәахь еиҭазгаз Ҳаири Қәҭарба, 150 шықәса раҧхьа иабду Маҳмаҭқьери иаб Базала 1878 шықәсазы Акаҧа ақыҭа иқәҵыз иқыҭауаа дрыцны мҳаџьырра ихырҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ианыргоз Аҧснынтәи аӡахәажәла еиҭаҳатәгьы шигаз. Зегь реиҳа уаҩ иџьеишьша, ари аӡахәажәлагьы зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа аӡәырҩы реиҧш, лахьынҵас иаиуит аџьынџь ахь ахынҳәра. Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Аӡы ахьышьҭрахь ихынҳәуеит» – ҳәа.

Аҧсуа культуреи аҟазареи иналукааша рхаҭарнак, Аҧсны еиҧш, анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа, имҩашьауа зышьҭа аанзыжьыз Нелли Ешба диижьҭеи 95 ш. ҵит.

1928 ш. рзы Очамчыра ақалақь аҟны ииз Нелли Ражден-иҧҳа Ешба лҭаацәа 1930-тәи ашықәсқәа раан Аҟәаҟа ииасит.

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәыз аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа жәиҧшьи ацхыраагӡақәа хәбеи. Аҧхьатәи азҵаара азкын 2022 шықәсаз­тәи ахықәкытә программа «Адемографиа аизырҳаразы» анагӡаразы аҳасабрба ашьақәырҕәҕәара. Уи атәы дазааҭгылеит Аҧсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me