Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Арҵаҩы имш иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҟны ареспублика арҵаҩцәа дрыдныҳәалеит

 

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа.


Шәнапы злаку аус иацу аҭакҧхықәреи, аҿар реиҵааӡараҿы ишәбо аџьабааи рзы аҳәынҭқарра анапхгара рыхьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәара шәоуп изыбзоуроу уаҵәтәи аҳәынҭқарра аҧеиҧш.
Избанзар аҵарадырра инаваргыланы шәҵаҩцәа ирылашәааӡоит Аҧсадгьыл абзиабара, амилаҭтә хдырра аизырҳара, аҧсуара аиқәырхара. Шәара ишәааӡаз Аҧсны аҵеицәа роуп Аҧсадгьыл ахьчара анаҭахха зхы иамеигӡакәан Аиааира ҳзаазгаз. Шәара шәоуп изыбзоуроу аибашьра ашьҭахь ҳашколқәа рышә ахьамкыз. Аамҭа шыуадаҩызгьы, уаҵәтәи аҧеиҧш шәазхәыцны шәазыхынҳәит шәзаанаҭ.
Аҵарадырра аусхк иахьа аҳәынҭқарра лымкаала ахаҵгылара знаҭо ахырхарҭақәа ируакыуп. Аҧсуа ҳәынҭқарра ҿиаларц азы иҳамазароуп аҵара бзиа змоу, змилаҭтә хдырра ҳаракыу, зыҧсадгьыл бзиа избо аспециалистцәа. Иахьа иҳарҿыцуеит ашколқәа, иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәҳаршәоит, иааҳартуеит аспорт иазкыу аҽазыҟаҵарҭақәа. Ари аус есааира иацҵахоит.
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа!
Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә мшы.
▫️ Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа, алҵшәа бзиақәа шәнапы злаку аусаҿы».

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me