Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынба аҵарадырра асистема аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит

«Иахьа ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит зыԥсҭазаара зегьы иуадаҩу, аха илашоу, аԥхарра зцу аус иазызкыз, еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи знапы иану арҵаҩцәа.

Ари азанааҭ гәыкала уазымнеир алҵшәа бзиақәа аиуӡом. Шәара аҿар аҵара дшәырҵоит, ишәааӡоит, аԥеиԥш лашазы агәыӷра рышәҭоит.

Ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш шәнапы иануп, уи ԥхьаҟа аҿиаразы ауасхыр азышьҭашәҵоит. Иалышәхыз шәзанааҭ иадҳәалан ахаангьы агәыҩбара шәымамызааит», - лҳәеит Хана Гәынба.

Аминистр арҵаҩцәа ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, ақәҿиарақәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me