Абарҭ амшқәа рзы Лыхнашҭа иқәгылоу ажәытә ҭәаҵла ду аиқәырхаразы Китаинтәи ахәшә ааргеит. Иахьзеи?

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еи­башьра аветеран Ерқан Қәҭарба диит Ҭырқәтәылан, Диузџье ақалақь аҟны. Иаб Бурҳан иҭаацәараҿы ирызҳауан хҩык ахшара: аиҳабы Ерҳан, агәыбжьанытә Ерқан, аиҵбы – раҳәшьазаҵә Зуҳаль.

Ерқан Диузџье ашкол данал­га аргыларатә институт дҭалоит. Даныҩеидас нахыс идыруан хылҵшьҭрала дшаҧсуоу, иабдуцәа Аҧснынтә Ҭырқәтәылаҟа ишах­газ. Уи аҭоурых еиҳагьы еили­каауан акультуратә хеидкылахь аныҟәара даналага инаркны.

ҲААМҬААЦӘЫМЗА

20 Мшаҧы 2023 13:46

 

Астудентцәа рыҧсҭазаара иалагылаз, урҭ рыгәҭыха зыгәҭыхаз, ргәырҩа рыцеиҩызшоз, ргәырҕьара ирыцалагылаз, Владимир Платон-иҧа Анқәаб дыҟазҭгьы 95 шықәса ихыҵуан. Заҧсуара зегьы раҧхьа изыргылоз, иуаҩ иашаз, абаҩхатәра ду аҧсабара иланаҵаз иҽылаҳәан, иҽаҭан, алитерату­ра амҩа ҭбаа ду ахь дкылнагеит. ААУ аҭыӡқәа рҿы ҭабара зқәымыз арҿиаратә кружок адацқәа еса­аира иҕәҕәахон, аҽеиҵнахуан. Зыбла ҷыц еиҧш уи зыхьчоз, иҵәатәы шьаҟаны иаҵагылаз, Аҧсны анҭыҵгьы ирдыруаз апоет Владимир Анқәаб, еснагь астудентцәа рыгәҭа дгылан. Уи иажәа иазыӡырҩуаз, иацныцҟәоз астудентцәа рацәаҩын. Иламыс, иҵарадырра, ицқьара, ипатриотизм, акаҭа еиҧш истудентцәа ирыкәшон, еилыркаауан, иацныҟәон.

Аибашьра амҩала

20 Мшаҧы 2023 13:45

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ҳрықәуп, аха иахьанӡагьы ирацәаҩуп зыхьӡ, зџьабаақәа ҳзымдыруа афырхацәа. Ҳәара аҭахым, хьыӡрацара ҳәа акәмызт ҳҵеицәа аҕа ишиҿагылоз, аха хымҧада иаҭахуп доусы иџьабаа, ихамеигӡара аҭҵаара, алацәажәара. Насгьы иааиуа абиҧарақәа рымадара.

Сашьа ишьа зурц…

20 Мшаҧы 2023 13:42

Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Иамзи Қапба ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәалҭеит, абџьар шьҭыхны еибашьра ацара , агәаҕьра лылшоит ҳәа ахааназгьы лгәы ишаанамгоз. «Абомба тҟәацыбжьқәеи ахысыбжьқәеи ансаҳауаз зегь раҧхьа ахыхьчарҭа аҧшаара иашьҭалоз сара сакәын. Сашьцәа ҩыџьа: Езаабеии Нырбеии еибашьуан, ахҧатәи сашьа – Руслан дхәыҷын, аҩны дыҟан. Аибашьраан, Езаабеи Гәымсҭатәи афронт ахь дагеит, уа деибашьуан. Уи аибашьра еилгаанӡагьы ихатә ҩызеи иареи рбашьа ҳмоуит, рыхшара – Аслани Беслани аибашьра цонаҵы Арасаӡыхь, рандуи рабдуи рҟны иҟан рҭаацәеи дареи еиҟәганы.

Ицоит иқәҳа аанҿасра змам аамҭа. Ашықәсқәа неиуеит еиҧхеибаҵа. Ари адгьыл аҿы, досу ицуп иара еиҳа изааигәоу ахаҿса­хьақәа, ҵҩа змаӡам агәалашәарақәа. Дасу илигаз амҩа – иара ихатәуп. Ари амҩаҿы иара изы ихада­роу: илшаз, илымшаз, хықәкыс имаз…

Аҧсҭазаараҿы ауаҩы дҭахкаам. Дзықәгылоу адгьыл иара изгәакьоуп, анык леиҧш уи иҵгәоит, иҧхьоит ҧхьаҟа. Уи дрымадоуп иааикәыр­шаны иҟоу, ҧсы зхоу зегьы.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me