Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩыси аиҳабыси иҟаз, аханатә уи аиҿкаара аԥшьызгаз СССР жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡареи, Урыстәылатәи «Ажәларқәа реиҩызара» аордени занашьоу Кандид Тарас-иԥа Ҭарба иахьа иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын.
Аԥсуа бызшәа адунеи ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит ҳәа шьақәдырӷәӷәоит аҵарауаа аӡәырҩы. Уи ус шакәу арҵабыргуеит иара абызшәа ахаҭагьы. Адунеи аҿы иҟоу, ахархәара змоуи иԥсхьоу ҳәа иԥхьаӡоуи абызшәақәа рыҭҵаара асистема аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп ҳбызшәа.
Жәаха шықәса раԥхьа, маи 29 2011 шықәсазы, 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.
Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Сергеи Габелиа амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазараҿы имҩашьауа ишьҭа аанижьит. Иԥсҭазаара зегьы асахьаҭыхра аусхк иҭышәынтәаланы аҿиара иазкын, илшазгьы рацәоуп.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭемраз Хышба Калугатәи аобласт аҟынтәи ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иааз аҭаацәа рацәа ирылҵыз, Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан иҭахаз аруаа рхәыҷқәа 29 - ҩык дырԥылеит.
Урҭ ирыцны иааит рҭаацәеи Калугатәи аобласт аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрра ахаҭарнакцәеи.
Рыҧсшьара иацу ахарџь акурорт "Пицунда" ахахьы иагоит.
Ари агәыҳалалратә усмҩаԥгатә аиҿкааразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра бжьаҵан хәажәырамза, 2024 шықәсрзы Ҭемраз Хышба Калугатәи аобласт аҟны даныҟаз.
Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа угәы шьҭнахуа иҟам. Имаҷхеит ииуа рхыԥхьаӡара, ирацәахеит аԥсра, ихьшәаны аҭаацәаралалара, илаҟәит аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Аҳәса аӡәырҩы еиӷьыршьоит анҭыҵ ахшараиура анацәа ркапитал аиуразы. Ари иахҟьоит ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шаҟаҩы ацлаз азы адырраҭара ҵабыргқәа рыҟамзаара.