Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы асааҭ 15 рзы ажурналистцәа ириҭаз адырраҭарақәа рыла, зыбжьы зҭихьо рхыҧхьаӡара наӡоит:
Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан алхратә ҭыԥ № 6 алхратә ҭыԥ хада № 29 аҟны абжьыҭаразы асиа иануп 457-ҩык, уи ахыхь ааҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә згәабзиара уашәшәыроу, аҩны зыбжьы зҭиуа рхыҧхьаӡара 68-ҩык.
Иахьа, февраль 15 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара.
Алхратә ҭыԥ № 1, алхратә ҭыԥ хада № 5 аҿы инеиуаз ауааԥсыра рхыҧхьаӡара маҷҩымызт.