Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит зеилазаара рҿыцу Амонумент ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара, адырра ҟанаҵоит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Атехнологиақәа рыҿиара инамҩатәны анапхыцәгьара ацәырҵрақәа рылаҵәара иалагеит. Ари ацәгьоуцәа ауаа цәгьашақә рхархәара рылзыршо апсихологиатә нырра аметодқәа роуп.
Август 6 азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны диԥылеит Урыстәыла Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Жәибжь шықәса раԥхьа, 2008 шықәса, август 7 аҵх аҽеиҩшамҭазы, ауаԥс жәлар агеноцид рзаагара рхықәкны, Қырҭтәыла анапхгара, «Ицқьоу адәы» ҳәа ахьӡ ҷыда аҭаны, еибашьрала иақәлеит Аахыҵ-Уаԥстәыла.
«Агәымшәацәа риеҵәаџьаа» атруппа ақәыргыламҭақәа Урыстәылаҿы аиԥш, Аԥсынгьы даара ирылаҵәаны иҟоуп. Аҟәа, Ареспубликатә стадион аҟны ацирк агастрольқәа мҩаԥысуеит сентиабр 14 азынӡа.