Ахәыҷбаҳча анҭыҵ– тәым бызшәала

Сара занааҭла сжурналситуп, аха аԥсҭазаараҿы иҟалеит убас еиԥш аҭагылазаашьа ахәыҷбаҳчаҿы усура ҳәа снанагеит. Абар уажәшьҭа жәашықәса инареиҳауп уаҟа аус зуеижьҭеи.

Ари ашколқәранӡатәи аусбарҭаҿы аԥыжәара амоуп ҳхатәы бызшәа – аԥсшәа. Анапхгареи аусзуҩцәеи ирылшо зегьы ҟарҵоит ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәо, ахәыҷбаҳча ашҭа инҭыҵны абжьаратә ҵараиурҭа ашҟа инеирц азы.
Изеиԥшроузеи иахьа аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа ахәыҷбаҳчақәа рҟны, иабанӡашьҭыхтәу, насгьы иалшома ааӡаҩцәа, арҵаҩцәа рыла мацара ахатәы бызшәа апроблема аӡбара!?.
Ааӡаҩ, арҵаҩы лаҳасаб ала ари апроблема есҽны аԥынгыла снаҭоит. Избоит зыӡбара уадаҩхаз ак акәны ишыҟоу. Ахәыҷы ихатәы бызшәа анизымдыр, иарала данымхәыц, ааӡаҩ, ахәыҷы абызшәагьы ирҵо, аметодикагьы дықәныҟәо, аҵара-ааӡаратә процесс иадҳәалоу апланқәагьы нагӡо даналага, уи лусураҿы имаҷымкәа аудаҩрақәа лызцәырнагоит, лусгьы иадылбалаз аџьабаа алҵшәа бжатахоит .
Апрограммақәа ахәыҷы изааигәаны, ишықәс иаҵанакуа еиқәыршәазаргьы, абызшәа ахьизымдыруа иахҟьаны ари даара даргәамҵуеит. Аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥызго, ахәыҷқәа идсырбо, аԥсышәала ирасҳәо рзеилымкаауа, рыбла хәыҷқәа ҭхаха иансыхәаԥшуа, гәаӷк сызцәырҵуеит ҩныҵҟала сеилазыршуа. Ахҭынҟьа зысҭара дсыздыруам. Аха егьа ус акәзаргьы, аҭакԥхықәра зегьы ишҳадугьы, ари апроблема еиҳа ақәыӷәӷәара знаҭо аҭаацәа ракәзар ҟалап.
Ахәыҷы ацәажәара даналаго инаркны, иҭаацәа рҟынтәи иаҳароуп, ихатәы бызшәа, иарала дхәыцуа дҟаларц азы.
Иаҳҳәап, абжьаратә гәыԥ аҟны имҩаԥугоит иаарту аурокқәа, мамзаргьы аҽазыҟаҵарақәа. Ахәыҷқәа идҳарбо асахьақәа закәи ҳәа азҵаара анықәҳаргылалак, урысшәала иаразнак аҭак ҳарҭоит. Аԥсышәала уразҵаар, аҭак рзыҟаҵаӡом. Убри аҟнытә, раԥхьа урысшәала ираҳәаны, нас аԥсшәахь еиҭаганы иреилҳаркаауеит, ҿырҳәала аҷҷаҳәа идҳарҵоит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ҿырҳәала иуҵо анарха амаӡам, ахәыҷы иаразнак ихашҭуеит.
Иҟоуп даҽакгьы даараӡа сгәы сзырхьуа. Ааӡаҩцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит ахәыҷқәа аԥсышәала рырцәажәаразы. Ашьыжь инаркны хәлаанӡа ахәыҷқәа ԥсышәала мацара урацәажәоит, ҿырҳәала идурҵоит, иулшо зегьы ҟауҵоит, ахәылбыҽха рҭаацәа анааилак урыс бызшәала рацәажәара иалагоит. «Шәанаџьалбеит, иахьа шьыжьы инаркны ҳааӡамҭацәа ԥсышәак дҳарҵандаз ҳәа ҳгәаҟуа рацәажәара ҳаҿуп, шәара шәаакылсны ҳџьабаа зегьы ԥхасҭашәтәуеит»,– ҳәа анрасҳәогьы ыҟоуп.
Иара убасгьы, ухахьы иузаамго акоуп, умч-улша зегьы рыдҵаны, аԥсышәала иурцәажәаз ахәыҷқәа, аԥсуа школқәа ирывганы аурыс ҟәшақәа рахь ианырго.
Ахәыҷбаҳча аҟны исоуз аԥышәа схы иархәаны, исҳәарц сылшоит, зегьы раԥхьа иргыланы ахәыҷы ибызшәа ахьиҵаша, агәыбылра ахьикша иҩнаҭаҿы шакәу. Аҭаацәа азҿлымҳазароуп ахәыҷы ихатәы бызшәа агәыбылра иркра. Урҭ ацхыраара аныҟарымҵа, ахәыҷбаҳчақәа роума, ашколқәа роума егьа аџьабаа рбаргьы, ҳхатәы бызшәа аиқәырхара ҳцәыуадаҩхоит.
Зегьы ирыцкуп ахатәы бызшәа. Иҳамоу ҳатрадициа бзиақәа, ҳкультура, ҳҵас, ҳқьабз аиқәырхаразы, уи ԥхьаҟа агаразы зегьы зыбзоуроу еиҵагылоу ҳҿар роуп! Абызшәа агәцаракразы рус еимадазароуп ааӡаҩцәеи аҭаацәеи, урҭ рџьабаа хҭак еицақәшәарц азы.
Марҭа Гәарамиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me