Аԥсны жәларбжьаратәи аҿар Рфестиваль арегионалтә программа иаларҵеит

Ари аӡбара рыдыркылеит ажьырныҳәамза 27 рзы Москва, 2026 шықәсазтәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҽазыҟаҵаразы аилак актәи аилатәараан, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Афестиваль мҩаԥысуеит Екатеринбург ақалақь аҿы.

Аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит «раԥхьаӡа акәны еиҿкаауп аиҩызаратә тәылахь аныҟәара, Аԥсни Урыстәылеи иҵаулоу аҭоурыхтә-культуратә еимадара рымоуп» ҳәа.

Зымҽхак ҭбаау аныҟәарақәа Урыстәыла 30 регион амҽханакуеит. Ас еиԥш иҟоу арегионалтә программа хықәкыс иамоуп аҳәаанырцәтәи алахәылацәа атәыла иқәынхо ажәларқәа ркультуратә ҭынха рагәыларԥшра, рԥышәа аизырҳара.

Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль еиднакылоит 190 тәыла рҟынтәи 10 нызықьҩык аҿар. Афестиваль еизнагоит аҳәынҭқарратә напхгара, аҭҵаарадырра, атехнологиа, аспорт, амедиа-социалтә сектор уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аус зуа иреиӷьу аҿар.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me