Ауалқәа реилазаашьаҿы ԥыжәара агоит, иацҵоу ахәԥса азы ашәахтә, уи 1 млрд 86 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иашьҭанеиуеит ахашәалахәы азы ашәахтә (266 млн мааҭ), ахашәалахәытә шәахтә (228 млн мааҭ), адгьыл азы ашәахтә 212 млн. мааҭ.
Аԥыза-министр иҳәеит иарбоу ахыԥхьаӡарақәа анаҩстәи реизҳара алмыршатәуп ҳәа. «Ауал аизҳара иаанаго иҿыцу апрограммақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рынагӡаразы аҳәынҭқарра иамоу алшарақәа амхра ауп» - азгәеиҭеит иара.


