Хаҭала, аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиҧш, сызлыҵыз сыжәлар срызгәыдууп, смилаҭ зегь раҧхьа исыргылоит. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы аҧсуа иаҭәам ахымҩаҧгашьақәа ахьызбо сшазыразым аартны исҳәар сҭахәуп. Изааӡарызеи, шьоукы – изааӡаз рангьы аҧара азы дырҭиуа аҟынӡа инеихьеит, урҭ рзы иҧшьоу, изыхӡыӡаауа ҳәа акгьы ыҟам. Ҳбызшәа хьаас дара ирымам, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ирызхәыцуам, ҳажәлар уаҵәтәи рҧеиҧш акәзар, ргәы иҵхом, амала еицаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аҿы «рыла ҧхашьарак…