Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Идырым аибашьҩы»

Ишдыру еиҧш, сынтәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аан Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәарҭоит. 30 шықәса ирылагӡаны хыҧхьаӡара рацәала Аҧсны зхы ақәызҵаз афырхацәа аӡәырҩы ирыхцәажәахьеит амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, телехәаҧшрала иддырбахьеит авидеонҵамҭақәа, астатиақәа, аочеркқәа, аиҿцәажәарақәа акьыҧхь ианырҵахьеит.

Аҧсны зхы ақәызҵаз реиҧш, зыҧсы ҭоу ҳветеранцәа – афырхацәа рыӡбахә рҳәахьеит. Аха егьа ирыхцәажәахьазаргьы, урҭ ирызку имыцхәу ажәа ҟалом. Абраҟа иазгәаҭатәуп иахьанӡагьы, ҳветеранцәа рахьтә зыхьӡ зынӡаскгьы иҳәам шыҟоу. Аха ажурналист Лана Аҧшьлаа­ҧҳа илыллыршеит 30 шықәса рыҩныҵҟа зынӡагьы изхымцәажәац ҳветеранцәа –афырхацәа 15-ҩык рыхьӡ аӡыргара.

Сентиабр 8 рзы аҟазарҭа аплатформа «Гәыма» аҟны имҩаԥган «Идырым аибашьҩы» захьӡыз афырхацәа – аветеранцәа алархәны рыхьӡ аӡыргара. Уахь имҩахыҵит аҵарауаа, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа. Аӡыргараҿы аветеранцәа рхаҿсахьақәа фотосахьала еиқәыршәаны, рыхьӡ-рыжәла ацҵаны еиҿкаан. Иӡыргаз аветеранцәа иреиуан: Нугзар (Никита) Ратиа – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Арутиун Пашиан – «Агәымшәараз» амедал знашьоу, Лиана Хәытаба – Леон иорден занашьоу, Руфбеи Тарнаа – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Геннади Тәанба – Аҧсны Афырхаҵа, Андреи Малиа – Леон иорден занашьоу, Светлана Склиаровскаиа (Лобиан) – Леон иорден занашьоу, Резико (Заза) Гамгьиа – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Иури Қәычбериа «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Беслан Агрба – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Роман Амқәаб «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Зураб Аҧшьлаа – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Валентин (Чипик) Ажьиба – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Рамиз Баб-оглы – «Агәымшәараз» амедал занашьоу, Олег Ҧлиа – Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран.

Аӡыргара аартуа ажурналист Лана Аҧшьлааҧҳа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит имҩахыҵыз зегьы. Идлырдырит апроект «Идырым аибашьҩы» аус шадырулоз Беслан Лагәлааи лареи. Анаҩс ас еиҧш иҟоу апроект аиҿкаара ахы шыҵнахыз лҳәеит. 2021 шықәсазы алшара лыман, дҵасгьы илыҭан аветеран изкны сахьаҭыхымҭак аҟаҵара. Уи асахьаҭыхымҭа изылкит аветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Зураб Аҧшьлаа.  Афотоҭыхымҭа адагьы, иҟаҵатәын иааркьаҿны авидеонҵамҭа. Уи анаҩс, лара гәҭыхас илоуеит зыхьӡ рымҳәац аибашьцәа авидеонҵамҭақәа рызкра, рфырхаҵара алацәа­жәа­ра. Урҭ аӡәаӡәала иҧшааны рҭаҩра даара ицәгьан избанзар, ирцәыуадаҩын 30 шықәса раҧхьа иҟаз, рҩызцәа ирываршьаауаз рыхцәажәара. Убарҭқәа зегьы рҟны абас еиҧш иҟоу апроект аӡыргараҿы ацхыраара ду рнаҭеит «Амобаил» ахаҭарнакцәа.

Анаҩс ажәа лыман «Амобаил» ахаҭарнак Асҭанда Џьапуа-ҧҳа. Иҭабуп ҳәа ралҳәеит, Аҧсны Аиааира азаазгаз аветеранцәа. Ари еиҧш иҟоу апроект аӡыргара аҵак дуӡӡа амоуп ҳәа илыҧхьаӡоит Аҧсны жәлар рзгьы, еиҵагыло абиҧарақәа рзгьы. Хымҧада, урҭ ирдырлароуп Аҧсны Ахьыҧшымра рзаазгаз афырхацәа рыхьӡқәа.

Анаҩс, Леон иорден занашьоу Андреи Малиа иеибашьратә мҩа дшанысыз, ивыршьаауаз иҩызцәа, марттәи ажәылара уҳәа ирацәаны ахҭысқәа, насгьы убри зегьы иахьатәи иҧсҭазаара ишаныҧшыз авидеонҵамҭа ахәаҧшцәа идырбан.


С.Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me