Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа…»

Ааигәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла имҩаҧнагеит апоезиа ахәылҧаз «Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа».

Аусмҩаҧгатә иалагаанӡа еиқәшәаз зегьы рҽеибаркны Аҟәа, Ахьӡ-аҧша апарк аҟны Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡала иргылоу абаҟаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, афырхацәа ргәаладыршәеит.

 Анаҩс В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аҧша амузеи аҟны имҩаҧысыз апоезиа ахәылҧаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи реиҧш, аҵареи, акультуреи, аҟазареи русзуҩцәа, Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа ранацәа, аруаа, аибашьра аветеранцәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа.  Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧс­ны аҵара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа рхеидкыла аиҳабы Гәули Кьычба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ, Аҧсны афырхаҵа Авҭандил Сурманиӡе уҳәа егьырҭгьы. Ахәылҧаз далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада иҧшәмаҧҳәыс Светлана Џьергениа.

Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иажәеинаала «Абаашқәа» иал­ху Анатоли Алҭеиба иашәа авидеонҵамҭа ианазыӡырҩы ашьҭахь асценахь днеиуеит Аҧсны жәлар рартист Лиудмила Гәымба, уи иналыгӡеит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку лашәа…

Апоезиа ахәылҧаз аартуа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу иааркьаҿны дазааҭгылеит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа аханатә ауаажәларраҿы иааныркыло ароль.

«Амилаҭтә сахьаркыратә литература анышьақәгыла инаркны ҳашәҟәыҩҩцәа ҳажәлар ргәеисра иацын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәҧараан жәашықәсала жәлар рзинқәа ирзықәҧоз абиҧарақәа ирылагылан, шьардагьы рылдыршеит.

Ишәыжәдыруа, 1992 ш. август 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар абџьарлеи техникалеи рҽеиқәыршәаны Аҧсны иақәлеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра ҵысит, Аҧсадгьыл ахьчараҿы ҳажәлар еидгылеит. Уаанӡа Аҧсны жәлар рфорум «Аидгылара» анаҧҵаха, раҧхьатәи ахантәаҩысгьы далхын Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.

 Аҧсны аибашьра ҟамлар анамугьы, ҳаҧсадгьыл ахьчараҿы ҳажәлар рҵеицәа рыцхрааразы хатәгәаҧхарала ашьхақәа ирхыҵны иаауан ашьхарыуаа рыҷкәынцәа, аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа, Алада Урыстәыла уҳәа рҟынтә», – иҳәеит уи.

Абри ахшыҩҵак иацҵауа иазгәеиҭеит: «Аҧсны анапхгара реиҧш, ҳашәҟәыҩҩцәагьы рҳәамҭақәеи рааҧхьарақәеи лассы-лассы акьыҧхь ианырҵон, аибашьра аанкылареи ақәылаҩцәа рыр Аҧсны ралгареи рзы ҕәҕәала рыбжьы дыргон, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирылагылан, ргәы шьҭырхуан. Аибашьра анцоз Аҟәа хабарда дыбжьаӡит абаҩхатәра ду злаз апоет Таиф Аџьба, Аҧсадгьыл ахьчараан дҭахеит апоет-қәрахьымӡа Саида Делба. Ашәҟәыҩҩцәа рыҷкәынцәа аӡәырҩы Аҧсадгьыл рыхьчон, урҭ рахьтә иҟоуп хаҵарала иҭахаз. Хашҭра рықәым Шалуа Инал-иҧа, Борис Гәыргәлиа, Алы­қьса Аргәын, Витали Амаршьан рҵеицәа гәымшәақәа: Адгәыр Инал-иҧа, Абзагә Гәыргәлиа, Ба­ҭал Аргәын, Беслан Амаршьан».

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар Аиааира ргеит иреиҕьыз аҵеицәа ахҭынҵаны. Аиааира ашьҭахь, аҭагылазаашьа шхьанҭазгьы, адоуҳатә культура, алитература ҩаҧхьа аҿиара амҩа ианылар акәын, аибашьра ҳажәлар ирзыннажьыз ахәрақәа рҕьатәын.

Аибашьра ашьҭахь, ашәҟәыҩҩцәа ргәы иҵхоз шырацәазгьы рус ҧшьа нарыгӡалар акәын. Убас, маҷ-маҷ рхьышьҭра иқәлон, ҩаҧхьа арҿиара иазыхынҳәуан, иахьа уажәраанӡа акыр аҩымҭақәагьы аҧырҵахьеит, аибашьра атема иаҵанакуа убрахь иналаҵаны.

Ахәылҧаз аҟны аҳра ауан апоезиа. Аибашьра иазку ажәеинраалақәа ирыҧхьеит: Геннади Аламиа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Вахтанг Аҧҳазоу, Заира Ҭҳаиҵыкә, Екатерина Бебиа, Дмитри Габалиа, Иван Миқаиа, Нугзар Логәуа уҳәа егьырҭгьы. Рхатәы жәеинраалақәа реиҧш, ирыҧхьеит иара убас апоетцәа: Баграт Шьынқәба, Нелли Ҭарҧҳа, Платон Бебиа, Мушьни Лашәриа, Таиф Аџьба, Борис Гәыргәлиа, Витали Амаршьан, Терент Ҷаниа, Лиолиа Тәанҧҳа, Шоҭа Ҷкадуа, Саида Делҧҳа, Лев Лиубченко, Александр Бардодым ражәеинраалақәа.

Ахәылҧаз аҵакы еиҳагьы игәылнарҭәаауан даҽа хҭыск. Борис Гәыргәлиа иажәеинраала «Ани аҧеи» даҧхьеит имаҭа Амина Гәыргәлиа, Таиф Аџьба иажәеинраала «Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы» – имаҭа Леона Аџьба, Лиолиа Тәанҧҳа лажәеинраала «Аиааира» даҧхьеит – лаҳәшьеиҵбы Марина Тәанҧҳа лмаҭа Амира Ҧачлиаҧҳа.

Рҟазара ддырбеит аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында». Артистцәа инарыгӡеит ашәақәа: «Аҧҳәызба ар рымаҭәа зшәу», «Ельбрус», «Аҧсынра».

Иныбжьаршә-аабжьаршәны идырбан авидеонҵамҭақәа: (А. Лагәла иажәақәа ирылху ашәа «Ухы лахароуп» – А.Алҭеиба инагӡамҭа, ашәа «Абхазия» – А. Лакрба инагӡамҭа, Кә.Ченгелиа Л.Тәанҧҳа лажәақәа ирылихыз ашәа «Аиааира» – (Кә.Ченгелиеи Т. Аџьапуеи еицынарыгӡахьаз).


В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me