Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Урыстәыла, Америка Еиду Аштатқәа рхаҭарнакцәа ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа алархәны. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара Ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәлиа,…
Сынтәа ауаажәларратә усзуҩы, ажурналист, аҭоурыхҭҵааҩ, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941–1945 шш.) иалахәыз, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректорс иҟаз (1978–2007 шш.) Алеқсандр Ҭариа диижьҭеи 100 шықәса ҵит.
Мшаҧымза 11 рзы С. П. Басариа ихьз зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаҧысит апоезиеи апрозеи рымҩахь ашьаҿа ҟазҵаз аҿари, еиҵырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩыцәеи рсеминар. Аусмҩаҧгатә аҧшьнагеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидыла. Сынтәа асеминар мҩаҧысуеит Аҧсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа диижьҭе 150 ш. аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагзаны. Асеминар аартын Аԥсны ахьыӡрашәа арҳәарала. Алитературатә семинар аҵаки ахықәки иааркьаҿны далацәажәеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me