Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсҭазаара иаӡрыжәыз ауаҩы лаша

Сынтәа ауаажәларратә усзуҩы, ажурналист, аҭоурыхҭҵааҩ, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941–1945 шш.) иалахәыз, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректорс иҟаз (1978–2007 шш.) Алеқсандр Ҭариа диижьҭеи 100 шықәса ҵит.


Алеқсандр Мақьҭаҭ-иҧа Ҭариа диит 1924 шықәса мшаҧымза 15 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Иқыҭа гәакьаҟны жә-класск данрылга, Қарҭтәи аршьаҟауаа рҵараиурҭа дахырыҧхьаӡалоит. Уа аҵара дышҭаз иалагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа.
Алеқсандр Ҭариа иқәра шаҵанамкуазгьы, Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1942 шықәсазы, аҵара ицызҵоз иҩызцәа дрыцны Нхыҵкавказтәи ҳашьхахыҵырҭақәа ирхысны, аҧсуа шьха қыҭа Ҧсҳәы агаразы иаауаз афашистцәа ирҿагылеит, раанкыларагьы рылшеит. Иара убри ашықәсан цәыббрамзазы ҳаибашьцәа Ҧсҳәы ақыҭа ахы иақәиҭыртәит. Алеқсандр Ҭариа дызлаз архәҭа 394-тәи адивизиа 808-тәи абаталион иахырыҧхьаӡалеит. Ари абаталион реибашьратә мҩа Краснодартәи ахырхарҭахь иган. 1943 шықәсазы Краснодари уи акәшамыкәшатәи араионқәеи рхы ианақәиҭыртәуаз, Алеқсандр Ҭариа иҩшьапыкгьы ӷәӷәала ирхәит. Акыраамҭа агоспитальқәа рҟны дышьҭан, иҽыхәшәтәра ашьҭахь, афронт ахь, ибаталион ахьыҟаз аҭыԥ ахь деиҭацоит. Аибашьра адәаҿы Алеқсандр ихьаақәа иаҳа-иаҳа ицәырҵуа иалагеит, ихәрақәа ишақәнагаз еиҧш инагӡаны иахьымӷьацыз иахҟьаны. Убри иабзоураны, 1944 шықәса анҵәамҭазы иррамаҵура аҟынтә иԥсадгьыл ахь, аҭынч ҧсҭазаарахь ахынҳәра азин ирҭеит.
Иҩныҟа даныхынҳә, ишьапқәа дрықәгыло дшааҟалазҵәҟьа, аҧсҭазаара аилашыра дналагылеит. Аҧхьа уи дрышьҭит арраҵара арҵаҩыс Афон Ҿыцтәи ашкол ахь. Уа аус шиуаз, Гәдоуҭатәи акомҿареидгыла араиком аҟәша аиҳабыс дҟарҵоит. Алеқсандр Ҭариа илаз аҟазшьеи ибаҩхатәреи ирыбзоураны дыззыркуаз рацәан, дыззырклакгьы ҭакҧхықәра ҳаракыла инаигӡон, иара иааиԥмырҟьаӡакәа иҵарадырра аизырҳара дашьҭан. 1949 шықәсазы Қәҭешьтәи ашьхазыҟаҵаратә ҵараиурҭа дҭалоит, еихьӡаралагьы аҵара иҵон, аха усҟан акадрқәа рмаҷра иахҟьаны иҵара анагӡаха имоукәа Аԥсныҟа ахынҳәра иқәшәеит. 1951 шықәсазы Тҟәарчалтәи аҩбатәи ашахта акомҿареидгыла акомитет маӡаныҟәгаҩыс дҟарҵоит. Абас аҧсҭазаара аилашыра иалагылаз Алеқсандр Мақьҭаҭ-иҧа, убраҟагьы акыраамҭа аусуха имоуӡеит, 1953 шықәсазы диаргоит раҧхьаӡакәны Афон Ҿыц еиҿыркааз Астатистикатә усбарҭа анапхгаҩыс. Убра аус шиуаз дҭалоит Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитет аҟны eиҿкааз хышықәсатәи апартиатә школ.

1958 шықәсазы апартиатә школ даналага аусура диасуеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь. Раҧхьа – аидеологиатә ҟәша аиҳабыс, нас акыршықәса аредактор ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. Аредакциаҿы аус шиуаз, латәарада далгеит КПСС Ацентр Комитет иреиҳау апартиатә школ. Аидеологиатә усураҿы иҧышәеи идырреи азгәаҭаны, 1972 шықәсазы Алеқсандр Мақьҭаҭ-иҧа апартиа Аҧснытәи аобком аполитикатә ҵара Аҩны аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дҟарҵоит. Аӡәы лахьынҵас имоуп ҭыҧк аҟны аусура тәанчара дцаанӡа, даҽаӡәы – ҩыџьара, хыџьара. Убас излахьынҵахаз дыруаӡәкхеит иара. Уи аполитикатә ҵара Аҩнаҟны шықәсырацәала игәы нкаршәны аус иуртә еиԥш изыҟамлеит, 1978 шықәсазы еиҳагьы иуадаҩыз, иҭакҧхықәраз аҭыԥ ахь диаргоит – Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабыс. Амузеи аҟны иусуреи гәыла-ҧсыла изааигәаз иҭҵаарадырратә усуреи аилагӡара дшаҿыц даҿын.
Ауаҩы заҟаџьара, заҟа шықәса аус иуз ала акәӡам иусушьа, идырра, иҧышәа уҳәа илоу абзиарақәа рыхә зларшьо. Александр Мақьҭаҭ-иҧа ашколтә парта днахыҵны аҧсҭазаара еиуеиҧшымыз аӡыблара данналагыла инаркны, иибахьаз аџьабаа, иусушьа, илшамҭақәа, иҧышәа уҳәа, хазы-хазы, иааҭгыланы ахцәажәара рҭахӡам, урҭ шьақәдырӷәӷәоит хыҧхьаӡара рацәала ианаршьаз аҳәынқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи: амедалқәа, «Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа I, II-тәи аҩаӡара» аорденқәа, «Агәымшәаразы», «Кавказ ахьчаразы», «Берлин агаразы», «Аџьа аветеран», «Аџьаус аҳаҭыразы» –Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба иусҧҟала ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден III-тәи аҩаӡара. Иара убас «Апропаганда зҽаҧсазтәыз аусзуҩы», Ҧсҳәы ақыҭа «Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ» ҳәа далхын.
Алеқсандр Мақьҭаҭ-иҧа имаҵуратә уалҧшьақәа инарываргыланы, аамҭакала ауаажәларатә усқәа рынагӡарагьы инапы рылакын. Убас, 1984 шықәса инаркны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи аџьеи рветеранцәа Аҧснытәи Рхеилак Ахантәаҩыс дыҟан. Абраҟагьы иалкааны уззааҭгылаша, иара ибзоураз алҵшәақәа маҷмызт. Ҷыдала иалскаарц сҭахуп 2008 шықәса анҵәамҭазы Москва имҩаҧысуаз Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара иазкыз Аибашьреи аџьеи рветеранцәа Ркоординациатә хеилак Жәларбжьаратәи апленум. Алеқсандр Мақьҭаҭ-иҧа абри ахеилак ахь ааԥхьара иман, апрезидиумгьы далан. Апленум аҟны имҩаҧигаз аиҧыларақәа, аиҿцәажәарақәа уҳәа ирылҵшәаны, Аҧснытәи аибашьреи аџьеи рветеранцәа хыхь зызбахә ҳҳәаз Акоординациатә хеилак иаларҵеит.

Алеқсандр Ҭариа аҭакҧхықәра зцыз анапхгаратә ҭыҧқәа рҟны аус шиуазгьы, инапынҵақәа рыла дшеилахазгьы, ирҿиаратә ус гәыгәҭаижьуамызт. Икалам иҵиххьаз иҧҵамҭақәа рахьтә иалскаарц сҭахуп, аџьабаа ӷәӷәа адбаланы иҭижьыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941–1945 шш.) иҭахаз Аԥснытәи аҵеицәа ирызку «Агәалашәара ашәҟәы». Рхыԥхьаӡара рацәоуп аибашьра атематика иазку ишәҟәқәа: «Едельвеис аҿагылара», «Аишьцәа рыԥсадгьыл рыхьчон, «Ашьоуцәа аӷа итыл аҿы», «413 мшы аоккупантцәа Аҟәа (1992–1993)», «Автобиографиатә повест» уҳәа.
Дыҟоуп, дубап аӡәы зхи-зыҧси заҵәык иашьҭоу, дыҟоуп даҽаӡәы, зхатәы аҧхьа ҽаӡәы иус зыргыло, уи акала дихәар, дицхраар аморалтә гәахәара ду зауа. Абас дыҟан Алеқсандр Ҭариа. Абасҟак зымҽхазкуаз иԥсҭазаара зегьы еибашьран, қәԥаран, уи ианакәызаалак аиаша дашьҭан, аиашамҩа данын, уи акәын ԥсысгьы ихаз. Иуҳәар ауеит, ари ауаҩы лаша иԥсҭазаара ҵакыс иамаз – аԥсуаа ҳазусҭцәоу, ҳҭоурых, ҳҿахәы зҳәо аматериалқәа, артефактқәа рыхьчара иԥсадгьыл аҿаԥхьа уалны идны иԥхьаӡон ҳәа, убри ауалԥшьа аҵыхәтәанынӡа анагӡара дашьҭан.
Уи ихаан Аԥсуа музеи адунеи иадыруа ахьыӡ наҩхьан. Амузеи рбарц азы еиуеиԥшымыз аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иаауан ажәларқәа рхаҭарнакцәа рацәаҩны. Иҟан ауаа агәаран иқәгыланы амузеи аҩналара ианазыԥшыз. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан (1992–1993), усҟан иқәра шмаҷмызгьы, аԥсра ала дышҭаԥшуазгьы, агәымшәареи агәаӷьреи аарԥшны, «сыршьуазаргьы сыршьааит» ҳәа инапқәа аларԥсны Аԥсуа музеи абылра-ццышә иацәихьчеит.
Иахьа шәышықәса инеиҳаны изхыҵуа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи – аԥсуаа ҳҭоурыхмҩа ахьаарԥшу ҳкультуратә хәышҭаара аиқәырхараҿы А.М. Ҭариа илагала даҽакы иузадкылом.
Зыуаҩреи, зыламыси, зфырхаҵареи еиҟараны еицаазгоз Александр Мақьҭаҭ-иԥа Ҭариа наунагӡа ҳгәаҿы даанхоит длашаӡа.

А. Џьапуа,
аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат,
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me