Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азҵаара шыҟац иҟоуп

Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Урыстәыла, Америка Еиду Аштатқәа рхаҭарнакцәа ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа алархәны.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара Ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәлиа, адепутат Баҭал Џьопуа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аформат аиқәырхара аинтерес шрымоу азгәарҭеит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы аицәажәарақәа рымҩаԥгаразы.
Аԥсуа ган иазгәанаҭеит ихықәкы хаданы ишшьоу Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рганахь ала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адкылара алзыршо ашәҟәы аус адулара, иара убасгьы Аԥсны-Қырҭтәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла-Қырҭтәыла рҳәаақәа рҿы аделимитациа апроцесс аусура аларгара.
Ақырҭуа лахәылацәа аҽазныкгьы ирзаамырԥшит аҭынчразтәи аԥшьгамҭақәа конструктивла рызнеишьа. Ари азҵаара аартны ишыҟац иаанхеит.
Аҩбатәи аусуратә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агуманитартә зҵаарақәа рылацәажәара.
Аԥсуа ган азхьаԥшра рнаҭеит атәыла ауааԥсыра рхы иақәиҭны рныҟәара алмыршара апроблема, Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа разхаҵара алыршара азҵаара.
Араунд амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.
Аиҿцәажәарақәа реихшьалала иазгәаҭоуп 2024 шықәса рашәарамза 25-26 рзы Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 61-тәи рраунди уи иашьҭанеиуа егьырҭ абри аформат иаҵанакуа аиԥыларақәеи шымҩаԥгахо.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me