Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Жәабранмза 25 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш иазку аныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еизаз зегьы ареспублика аҿы жәабранмза 27 рзы иазгәарҭараны иҟоу азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа изааигәаӡаз ицнагаҩцәа ируаӡәкыз, аамҭаказы «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс иҟаз, уимоу усҟантәи аамҭа иашьашәалаз агазеҭ ахьӡ «Аԥсны» «ҟаԥшь» нацҵаны «Аԥсны ҟаԥшь» ахьӡызҵаз еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, ановеллист Миха Лакрба Дырмит Ду изикыз иажәеинраала ацәаҳәақәа аҭагылазаашьа аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш рызхәыцразы еснагь актуалра шрылоу иаанхоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me