Идыруп, маи 1 шазгәарҭоз аџьажәлар реидгылара иамшны. Аха издыруа маҷҩуп ари аныҳәа ахы шыҵнахыз Америка. Арыцхә аҭоурых зыдҳәалоу 1886 шықәсазы Чикаго имҩаԥысыз ахҭысқәа роуп. Убри ашықәс маи 1 азы Чикаго аусуцәа азабастовка ҟарҵеит 15 сааҭ аусура мшы иаҿагыланы, афабрикақәа знапаҿы иҟаз рҿаԥхьа дҵаны иқәдыргылеит аасаҭктәи аусура мшы ашҟа ииасырц. 1889 шықәса ииуль азы 2-тәи Аинтернационал актәи аконгресс Париж ақәҵара аднакылеит…
Ааигәа абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҟны имҩаԥысит ҿыц иҭыҵыз аԥсуа бызшәа аҵара иазку ашәҟәқәа хәба рӡыргара. Арахь иааԥхьан ашәҟәқәа реиқәыршәара иазааԥсаз аҵарауаа, абызшәадырҩцәа.Ашәҟәқәа рӡыргарахь ииасаанӡа минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит ааигәа здунеи зыԥсахыз абызшәадырҩы, апрофессор Сариа Алеқсандр-иԥҳа Амҷба.Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашәҟәқәа рӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы. Идлырбеит иҭрыжьыз ашәҟәқәа. Уи илҳәеит: «Раԥхьа ихадоу аԥсуа бызшәа дырҵара, иҷыдоу…
Аҧсуа телехәаҧшра ажурналистцәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аинтервиу анимырхуаз актәи зҵаараны ишьҭырхит аҧсуа бызшәа азҵаара - абызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарра иарбан усқәоу имҩаҧнаго.Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 30 шықәса рыҩныҵҟа х-комиссиак шеиҿкааз аҧсуа бызшәа арҿиаразы, аха иахьагьы инагӡам аусқәа шыҟоу.«Сани саби еиҭарҳәон: аҧсуаа азин рымаӡамызт Аҧсны ҧсышәала ацәажәара. Уи шықәсык акәӡамызт ус ианыҟаз, кыршықәса иҟан, аха ҳауаажәлар аҧсуа бызшәа еиқәдырхеит. Аҧсышәала џьара унеины…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me