2026 шықәсазы Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд абиуџьет ахарџь наӡоит 277 млн 24,8 нызықь мааҭ рҟынӡа

Афонд аԥара дәықәҵахоит еиуеиԥшым ацхыраара аҟаҵареи асоциалтә программақәа рынагӡареи рзы, уахь иаҵанакуеит:

аамҭала аусура злымшо -25 млн 268,5 нызықь мааҭ.;
заанаҵы ахәышәтәырҭақәа рҿы ашәҟәы иҭаргалаз, зцәа зтәым аҳәса – 600 нызықь мааҭ.;
ахәыҷы иираан-52 млн мааҭ.;
ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ихылаԥшразы – 50 млн мааҭ.;
аԥсыжразы-700 нызықь мааҭ.;
аҳәынҭқарратә усуҩцәеи урҭ рҭаацәеи асанаториақәа рахь рышьҭразы – 27 млн мааҭ.;
ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы-35 млн мааҭ.

Афонд аппарат аусуреи аулафахәи рзы ахарџьқәа наӡоит 31 млн 456,3 нызықь мааҭ рҟынӡа.

2025 шықәса иаҿырԥшны иаҳгозар, 2026 шықәсазы Афонд абиуџьет, ахашәалахәи аныхтәқәеи 20% иацҵоуп.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me