Аҳҭнықалақь аҿы ихацыркхоит апроект «Акультуратә қалақь»

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи акультуреи атуризми рминистррақәа рхаҭарнакцәеи апроект «Акультуратә қалақь» иалацәажәеит.

Апроект рыдылгалеит Аԥсны акультура аминистрра акреативтә економикеи акультуратә индустриеи рыҟәша аиҳабы Светлана Габуниа.

Аԥшьгара хықәкыс иамоуп акультуратә ҭыԥқәеи, ауаажәларратә лшарақәеи, абизнеси џьарак реидкылара. Апроект иазԥхьагәанаҭоит азеиԥш хҭыстә мзари, атуристтә мҩеи, анавигациазы ацифратә маҵзуреи раԥҵара.

Ҭемыр Агрба апроект адгылара аиҭеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит, акреативтә економика аҿиара атуристцәа ақалақь радыԥхьалара ишацхраауа, анаплакыҩцәа рзы иҿыцу алшарақәа шаԥнаҵоу.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me