Ажәа сахьарк азҟаза, апоезиа аҟны зхатә бжьы змоу, здунеихәаԥшра ҭбаау, иҵаулоу, згәаанагарагьы иацәымшәакәан, иҿацаӡа ианахәҭоу аамҭазы, иахьахәҭоу аҭыԥаҿы иаартны, аргама аҳәара зылшо, «аҳәатәи аҳәашьеи здыруа» апоет, апублицист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Инна Ҳаџьым-ԥҳа ааигәа лиубилеи азгәалҭеит.