Ҳџьынџьуаҩ лхы алалырхәхьеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афорум ажәаатәи аизара ду, уаҟа лара инарҭбааны дырзааҭгылеит Аԥсны атәылауаа рзинқәа рыхьчара иадҳәалаз азҵаатәқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада, Елчын Аӡынԥҳа лыԥсадгьыл аҟны лбара гәахәала идкылауа иазгәеиҭеит, ҳазҭагылоу аамҭазы имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аҟны, ҳҳәынҭқарра иақәнагоу аҭыԥ ааннакыларц азы, насгьы иҟоу аӡеибафарақәа ирылганы ԥхьаҟа агаразы, аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгы ҳаидгыланы, ҳамчи ҳалшеи еилаҵаны, ҳажәҩахырқәа еибыҭаны, ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш лаша ҳазхәыцыр шакәу.
«Абри аус аҟны ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟны Шәара шәықәгыларақәа, Аԥсны аӡбахә ахьышәҳәо, ҳҳәынҭқарра аргылара аус аҟны ҳажәлар рхықәкы, рыгәҭыха шәахьазааҭгыло. Ҳара уи даара пату ақәаҳҵоит, Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит»,- иҳәеит Ахада.
Елчын Аӡынԥҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба изеиҭалҳәеит Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара Афорум аҟны лықәгылара атәы, иазгәалҭеит аринахысгьы илылшо зегьы шыҟалҵо лнапы злаку аусқәа рҟны Аԥсны ахьӡ аӡыргаразы, уалԥшьаны ишылыԥхьаӡо лыԥсадгьыл аинтересқәа аҳәаанырцә рӡыргара, рыхьчара, агәыӷрагьы аалырԥшит Аԥсны абжьы аринахысгьы Жәларбжьаатәи аренаҟны ишго.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.


