С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысыз акомпозитор, адирижер, Аҧсны жәлар рартист Нодар Ҷанба иаҧҵамҭа «Аҧсуа реквием» нанагӡеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Август 4 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит Аҟәа ақалақь актив. Уи иалахәын атәыла Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа. Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба 2022 шықәса актәи ашықәсбжазтәи русуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа Аҧсны…
Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы Ашәахьа, август 8 азы Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы иргәаладыршәеит 2008 шықәса август азы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ақәылара аан иҭахаз. Убарҭ ахҭысқәа игәаларшәауа, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев ҷыдала иаҵишьит хьыӡҳәала Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны Аахыҵ-Уаҧстәыла ажәлар ишрылшаз ақәылаҩ ҕәҕәала иҿагылара, иҧхьацара. «Традицианы иҟалахьеит, есышықәса август 8 азы ацҳаражәҳәарҭаҿ ҳаизоит, Аахыҵ-Уаҧстәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азы. 14…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me