Ааигәа Аԥснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит еицырдыруа апоет, академик, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Владимир Занҭариа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иажәеинраалақәеи, иажәабжьоуқәеи, иеиҭагақәеи еидызкыло ишәҟәы ҿыц «Сара адгьылаҿ ажәҩан сызхом».Апоет иажәеинраалақәа жәпакы апериодикатә кьыԥхь ала аԥхьаҩцәа ирдыруеит, аханатә еиԥш, аҟаза иҟазшьа рнубаалоит, ахшыҩҵак бзиақәа рыла еибаркуп, игәҭакы аарԥшышьа дақәшәоит, акыр ажәеицааира шьахәқәа ргәылоуп, урҭ уагьрыдрыԥхьалоит. Зыӡбахә ҳамоу аҭыжьымҭа аӡыргара…