Дгьыли жәҩани ирыхӡыӡо

Ааигәа Аԥснытәи аҳәы­нҭшәҟәҭы­жьырҭа иҭнажьит еицырдыруа апоет, академик, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Владимир Занҭариа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иажәеинраалақәеи, иажәабжьоуқәеи, иеиҭагақәеи еидызкыло ишәҟәы ҿыц «Сара адгьылаҿ ажәҩан сызхом».
Апоет иажәеинраалақәа жәпакы апериодикатә кьыԥхь ала аԥхьаҩцәа ирдыруеит, аханатә еиԥш, аҟаза иҟазшьа рнубаалоит, ахшыҩҵак бзиақәа рыла еибаркуп, игәҭакы аарԥшышьа дақәшәоит, акыр ажәеицааира шьахәқәа ргәылоуп, урҭ уагьрыдрыԥхьалоит.
Зыӡбахә ҳамоу аҭыжьымҭа аӡыргара мҩаԥысит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи Аԥсуаҭҵаара аинститут аҟны. Уахь инеит, ашәҟәыҩҩцәа реиԥш, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аҿар, аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа.
Аиқәшәара ааиртит анаҩс егьы­мҩа­ԥигон аԥсуа институт аиҳабы, аҵарауаҩ А. Ашәба. Уи иааркьаҿны далацәажәеит В. Занҭариа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи.
Ашәҟәы ҿыц аӡыргараан иқәгылеит, ргәаанагарақәа рҳәеит: апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат У. Аҩӡба, аурыс ҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор М. Шьчербакова, ашәҟәыҩҩы Д. Наҷҟьебиа уҳәа егьырҭгьы. Апоет иажәеинраалақәа руак даԥхьеит В. Хәырхәмал. Ашәҟәы аҭыҵра идныҳәалауа иаԥхьаҟагьы еиҳау ақәҿиарақәа изеиӷьаршьеит.
Ҵабыргны, апоет инысмҩа ҭбаауп, ипоезиатә рҿиамҭақәеи ипублицистикеи еицырдыруеит. Ипоезиа ахатә ҟазшьа амоуп, иԥсадгьыл, ижәлар гәакьа, урҭ рыҩнуҵҟатәи рдунеи, рҵас-рқьабз, раԥсуара, рхатәы бызшәа цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит. Аграждантә, афилософиатә, абзиабаратә лирика рҟазшьа аҷыдарақәа рыла еимадоуп, еигәныҩуеит.
Ашәҟәы иагәылалеит иара убас аԥсшәа акырӡа ианрааланы, ҟазара ҳаракыла еиҭеигаз, урҭ иреиуоуп: А. Пушкин, М. Лермонтов, А. Фет, Ф. Тиутчев, Н. Гумилиов, А. Блок, В. Бриусов, А. Ахматова, В. Ходасевич, О. Мандельштам, Ф. Искандер, С. Лакоба, А. Бардодым, З. Ҟаныҟәа, А. Кенчешаов ражәеинраалақәа.
Аизга ҿыц уаанӡатәиқәа иреиԥшым. Апоезиа инаваргыланы автор араҟа дцәырҵуеит прозаикны. Иажәабжьоуқәа раԥхьаӡа акәны ажурнал «Алашара» адаҟьақәа рҟны икьыԥхьын, аԥхьаҩцәа иргәаԥхангьы ирыдыркылеит. Шьҭа шәҟәык иахьеиднакылаз аизга еиҳагьы иханарҭәааит. «Ҿамҩак аҳарданҩы…», «Асеиԥш иџьашьахәу аеҵәақәа ахаангьы иҳамбац уаҟа, Мурманск», «Аскульптор Хьрыԥс игәҭыха», «Ижәдыруаз, раԥхьа иаақәо рыгәҭа сҟалоит саргьы!», «Баудии Розеи сгәалашәара ашәалҟьамреи», «Шьансоу иӡахәа­шьапқәа» уҳәа В. Занҭариа иажәабжьоуқәа аԥсабара иазааигәоуп, аԥсҭазаара иалиааит, дызлацәажәо, иааирԥшуа ахҭысқәа, ицәыргоу ахаҿсахьақәа еилыхха иҟоуп, аԥхьаҩ игәникылартә ҟазарала еиҿыбаауп урҭ ирыдҳәалоу ахҭысқәа. Ари иарҵабыргуеит арҿиаҩы апроза иаҵанакуа ажанрқәа рҟынгьы аҽԥышәара бзиа амҩа дшану, егьшиқәҿиауа.
Аҭыжьымҭа иагәылалеит иара убас аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа.

Аиашьа ишьа иурц дгылон аиашьа

Ишәыдаагалоит ааигәа Д. Гәлиаихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иӡыргаз апоет, ауаажәларратә усзуаҩ, академик ВладимирЗанҭариа иҩымҭақәа реизга «Сара адгьылаҿ ажәҩан сызхом» иагәылоу ҳажәлар ааигәатәи рҭоурых аҟәырҷаха хадақәак ҳгәалазыршәо ажәабжь «Ижәдыруаз, раԥхьа иаақәо рыгәҭа сҟалоит саргьы!..» ацыԥҵәаха
Аибашьра, аибашьра… Сҩызцәа гәыԥҩыки сареи Аҟәа ҳалымҵыр амузт, уажәы алашьцара еиԥхьышьшьаауа, цәашьыркыла акәзаргьы, ажәабжь ҿыцк ҳазҳәо аӡәы даабозар ҳәа Гәдоуҭа ақалақь ҳалан. Иацаахыс зыӡбахә ҳаҳахьаз раԥхьатәи атәылахьчаратә штаб ахьыҟоу ҳзеилкаауазар ҳәа ҳаанашәа-аашәеит.
Гәымсҭа ахықәаҟынтә агәырқь-гәырқь ҳәа иааҩуан, адгьылҵысра ҟалазшәа, ахыбрақәа зегьы зырхыџхыџуаз агаубицақәеи «Град» ҳәа изышьҭаз абџьар ҿаасҭеи рхысыбжьқәа идырҵысуаз адыдбжьы. Гәымсҭеи Ешыреи усҟак иааигәамызт, аха «Град» ҳәа изышьҭаз уи абџьар хлымӡаах ахысра ианалагалак, уи ахыҭҟьара быжьқәа зынӡаск увараҿы адгьыл дырхыџхыџуазшәа уцәа уааҭдырӡыӡон. Изеигӡараны иҟази? Ахалцыхьтәи адивизиа аҟнытә 600 вагон зеиуахкы рҭахыз аџьаԥҳаны хәыда-ԥсада инагәыҵасны ирырҭеит Ельцин бзиахә игәаԥхарала… Аԥсуаа ҳахь ирымаз агәаӷ иахҟьа, дара рхаҭақәа ршәыргәындара иахҟьа, ақәылаҩцәа уахгьы-ҽынгьы меигӡарахда иҭдырҟьон рабџьарқәа.
… Еилагьежьран-еилахынҳәран. Хьаҵра зқәымыз, иаҭахызар аӷа ҳаиҿагыланы апартизантә еибашьра ҳалагоит ҳәа иныҵыҩ-ааҵыҩны зыбжьы гахьаз, жәлар Рԥыза еиҿамс Владислав итәарҭа-игыларҭа архиаразы, Гәдоуҭатәи администрациа ахыбраҿы аиҿкааратә усурақәа напы ддыркхьан. «Хьаҵра ҳақәым!» ҳәа рациала рыбжьқәа ааҩуан напышьашәала аӷа иҿагылаз Мрагылараагьы.
Амҩан иаҳԥылаз телеоператорцәақәак рыла аштаб ахьыҟаз еилаҳкаан, ҳшьаҿа аарӷьеҩны, уахь ҳҿынаҳхеит… Абар асанаториа «Волга» ахыбра еиқәылашьца иахьгылоу. Алашара здырцәаз, аӷа иԥшыхәцәа хылҟьаҿылҟьала лымҳаҭаск роуны, ҿыц зхы неидызкылаз раԥхьатәи аԥсуа штаб хада абомба ақәырмыжьырц азы акәхап ҳгәахәит. Џьоукы уахынлатәи афымца-цәашьқәа кны асанаториа ашҟа иҩналон, иҩныҵуан… Урҭ рахьтә иҟан ар рымаҭәа зшәыз, изшәымыз… Ҽаџьоукы ахьынеидгылоз, рылахь еиқәышьшьы Гәымсҭантә, Гагрантә ихәны, ма ишьны иааргаз ҳаҷкәынцәа рыӡбахә рҳәон… Угәы азҩартә иҟан еибырҳәоз аинформациа зны-зынла цқьа ишыҭҵаамыз. Иҭахаз аӡәы иӡбахә шырҳәоз, «ишәазҳәада, уи деибгоуп, уи – уи иакәӡам, еижәлантәқәоуп, аха иҭахаз дхазуп…» ҳәа даҽаӡә даацәырҵуан. «Иҭахаз даҽаӡәызаргьы, даԥсыуан, аӡәы ҳәа иуаажәлар днарылԥсаауан… аӡәы шәҩык данрыԥсоу аамҭа ҳҭагылан… Иаԥсоума абарҭқәа рыӡбахәла ауҳәансҳәан аҳәара, аӷыӷеибагара?» Аи, атыл аҿы убасоуп, бжеиҳан… Еиҳаракгьы раԥхьатәи амшқәа раан. Нас ауаҟьанчаҟьан маҷк еихсыӷьуеит. Ишеибашьраҵәҟьоу агәра ззымгац, агәра ргоит, рхы иалнарԥшуеит… Афронт – уи фронтуп, аҭабиатә ԥсҭазаара џьбароуп, ауҳәансҳәан, ахынҭаҩынҭа аднакылом, зшәақь ацәҟьара иақәкны итәоу иҟам-ианым азыӡырҩыха имаӡам… Игәы иҽануп, лацәаихьшь имам. Ихгьы ихьчароуп, ижәларгьы ихьчароуп…
Сҩызцәа ара шәыҟаз, сааиуеит ҳәа нараҳәан, алашара аркны аштаб ахь инеиуаз, 60-ҟа шықәса зхыҵуаз ԥсыуа хаҵак ишьҭа сынхыланы, ахыбра аҩныҵҟа сныҩналт. Раԥхьатәи аштаб анапхгара зыҩназ ауадахь зегь шҳәыԥыз инарышьҭуамызт, абџьар кны ҩыџьаҟа ашә илагылан… Аха урҭ сыздыруаз ҷкәынцәазаарын, санырба, ашә аартны сныҩнарыжьлеит.
Аштаб зыҩназ ауада мрагыларахьала иҿаз аԥенџьыр – алашара злымԥхоз ԥарда-еиқәаҵәала ишәаҳан. Аҭӡамцқәа руак иазааигәаз астол ҭбааҭыцә иакәшаны игылан гәыԥҩык ар рымаҭәа зшәыз ахацәа. Астол ахахьынтә маҷк зыбӷа ларҟәны игылаз ахаҵа, абиллиард дасуазшәа, иарӷьа напы неиҵыхны, зԥынҵа ҵәрыԥсаз карандашь ҟаԥшьык инацәкьарақәа ирыбжьакны, астол ауразоуроу инеиҵыхны иаԥхьа иқәыз арратә хсаалаҿы – ҭыԥқәак, хьыӡқәак аликаауан, нас сахьаҭыхҩы бзиак иеиԥш, ахаргьежь ҟаԥшьы иҭеикуан. Уарлашәарла, икәшамыкәша игылаз акы днаразҵаақәон, рацәак ибжьы мырдуцәакәа. Астол иқәгылаз афымцалампа акәаҷаб еиԥш ҭымра-ҭымра иахылҵуаз алашара ҭааӡа иҟан, убри аҟнытә азныказы сызлаԥшуаз рхаҿсахьақәа реилыргара сцәыуадаҩхеит. Аха астол иҵегьы саназааигәаха, акарандашь ҟаԥшь- ҵәрыԥсала зхы ларҟәны ахсаала агьежьқәа анызҵоз шьҭа сицәымҩашьартә дыздырит… Аполковник Сулҭан Сосналиев иакәын. Аибашьра ҟалаанӡа, Егры нырцә-аарцә, аԥсуааи-ақырҭцәеи реиҿагылара ашәарҭа ӷәӷәа анарҵасы, ашьхарыуаа Рконфедерациа иахаҭарнакыз аполковник-ԥхьатәа, лакҩакрак ҟамҵакәа, иазмыруӡоз иҩызцәақәак иманы Нальчикынтә Аҟәаҟа дааит. Дышиашаз Егрыҟа дцеит, уаҟа иҟаз аҭагылазаашьа лабҿаба далаԥшит, зыҽрыԥхны, аҵыс зкылымԥраауа, аҳәаа зкыз, Арӡынба иеиҿкаамҭаз Аԥсуа гвардиа акомандирцәа дырԥылт, дрыҿцәажәеит, иибаз-иаҳаз ахәшьара аиҭеит. Ԥхьаҟа хырԥашьа змамыз аибарххара ду инамаданы, офицерк иаҳасабала лкаақәакгьы ҟаиҵеит, ҳаҷкәынцәа днарабжьақәеит. Нас Аҟәантә иҩызцәеи иареи рыҩныҟа, Нхыҵ-Кавказҟа иандәықәлоз «Аидгылара» иалаз сҩызцәақәаки сареи акакалкырҭа «Нарҭаа» ашҟа имҩахааган, пату рықәҵаны, рымҩа иқәаҳҵеит. Усҟан сгәы ҭыԥраауан, «ҳашьцәа нхыҵаа, ҳашьцәа адауаԥшьқәа ҳаманаҵы, рыбжьқәа ҿацаӡа ҳгәы иқәыҩуанаҵы, ҳаӷацәа, егьа рҽыршәаргьы, егьа иаапкыргьы, акымзарак рылшом» ҳәа… Сымацара сакәызма, жәпаҩык ус ихәыцуан, ргәыӷра мҵәыжәҩада иарԥыруан.
Ашьхарыуа Конфедерациа, зықәра згәаламшәоз ашьауардын ԥагьа еиԥш, амҵәыжәҩа ӷәӷәақәа еиҵыхны, Кавказ иахыԥраауан. Лаԥш-ҵарыла иахьчон, аҭоурых аԥшатлакә-бааԥс еицәнарӡхьаз ажәларқәа. Еиднакылон, маҷк иҿыцәаахьаз ржәытә гәҽанызаара арҿыхон. Иҟан, ихьышьарххоз, ихазымҵоз, иԥхашьаны рҿы ирзамырҳәозаргьы, – урҭ нхыҵаа, рҽеибаркны арахь, Аԥсныҟа еибашьра иаауеит ҳәа…
Уажәы, ара, Гәдоуҭа, асанаториа «Волга» аҩныҵҟа иҭауадшьҭраз аҟабарда полковник (ашьҭахь Аԥсны Атәылахьчара аминистрс иҟалараны иҟаз) Сулҭан Асланбек-иԥа, хрыжь-хрыжь, дмыццакӡакәа, икәшамыкәшантә иааҩуаз ашыкьыбжьқәа хьаас имкыкәа, иналкааны зҵаарақәак иҭиуан, иаҳа арратә ус атәы здыруаз, иамараз, аԥышәа змаз аҭак ирҭон. Зны-зынла дҩагылон, дааиԥхьхәыцуан, ицәеижь инадшәало, ишәын, ишьхарыуа еиҿартәышьа наӡааӡа иҵегь, улаԥш адзырхалоз, ишьацԥшшәылаз ирратә камуфлиаж.
Џьоукы ццакы-ццакуа иааҩнашылон, иаԥхьа инықәырҵон сиақәак, иубартә иҟан аскьаркьалбжьеиԥш игәазырҳага-гәҽанҵагаха ҳажәлар иаарылаҩыз, Арӡынба иааԥхьараҿы ишиҳәахьаз еиԥш, ахыхьчаратә ротақәеи, абаталионқәеи реиҿкаара напы шадыркхьаз. Аамҭакала, аӡәаӡәала Сосналиев иааиуаз зегьы дҵа ҷыдақәак нариҭон, адҵа зиҭаз уи анагӡара иахыццакуа, ашаца-шацаҳәа ауада лашьца индәылҵны рҿынархон. Абас раԥхьатәи аштаб ацәыҵлашьцараҿы ииуан, маҷ-маҷ аҽаӡрыжәуан, аҽараӡон зегьы рыла ҭраа иззыԥшыз амилаҭтә хыхьчаратә стратегиа…
Ҿааихак рымамкәа, «гәырқь-гәырқь… гәырқь-гәырқь…» ҳәа дгьыли жәҩани дырхыџхыџуан Гәымсҭа аҩхаа иҭыҩуаз абзарбзанқәеи, «гради» рхысыбжь хлымӡаахқәа. Аҭынч аамҭазы зжәытә-ԥшӡара иаҵаҽырбо, асаркьа ианыԥшылозшәа, еиқәҷаб Амшын еиқәа ихыԥшылоз Гәдоуҭа ақалақь еиқәышьшьы, «иҟаларызеишь, анаџьалбеит?» ҳәа нанҳәатәи аҵх ҿаҳа-дагәа иалаӡырҩуан…
Ицон аибашьра, џьоук ргәы рҟажон уҳәансҳәанла. Мышқәак рыла еилгап ҳәа игәыӷуазгьы маҷҩымызт араҟа, макьана Гәымсҭатәи, Гагратәи, Мрагыларатәи аидысларақәа ирцәыхараз амҩадуқәа рҿы. Ицон аибашьра. Аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылан Кавказ ду иагәҭылсаз, наџьнатә аахыс уи иаӡыхтарҭаз Аԥсынтәыла. «Аурыс ҳәынҭқар абас ҳашԥанижьри? Иааигәаԥхар, арҭ алахшақәа рҭыҩра иҭаиҟәаҟәоит… ртанкқәеи рыбзарбзанқәеи кажьны ҿааҳәыра рымамкәа ишцо жәбара шәыҟоуп…» – ргәы еибарӷәӷәон, згәы иамыртәакәа, игәеигәеиуа амҩадуқәа ирныз ҽаџьоукгьы. Урҭ иабардыргәышьоз усҟантәи асовет ҳәынҭқарра аилыбгараҿы «аџьабаа маҷымкәа избахьаз» усҟантәи аурыс ҳәынҭқар Борис мышқәак раԥхьа иқьафқәа ҟаҵаны, чарҳәарыла Дагомыс инапы шрыҵаиҩхьаз шаха-баала иеизгаз ақырҭуа қәылаҩцәеи абаандаҩцәеи Аԥсны алалара азин рызҭоз ақьаадқәа.
Ицон аибашьра. Иҭахон аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Аиашьа ишьа иурц дгылон аиашьа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me