Аамҭа иаӡрыжәыз

Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәа хыҧхьаӡара рацәала иқәдыргылахьоу аспектакльқәа рыла ахәаҧшцәа хырххьеит.
Ааигәа Аҧсны аҳәынҭқарратә аҿартә театр иахыҵит 10 шықәса. Убри инамаданы ҳиҿцәажәеит аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь.

Атеатр анапхгаҩы иазгәеиҭеит, раҧхьаӡакәны Аҧсны аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ҳәа ишаҧҵаз Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала 2014 шықәса нанҳәа 20 рзы. Аха уи ҟалаанӡа, раҧхьаӡатәи рҟазаратә шьаҿақәа ахьхацдыркыз акультуратә хан «Абаза» иҟаз атеатр маҷ «Аамҭа» аҟны ауп. Уи еиҿылкааит Софа Агәмаа. Иара игәалаиршәеит аус зуаз зыдунеи зыҧсаххьоу актиорцәа дуқәа Амиран Ҭаниа, Хәыта Џьопуа уҳәа. Анаҩс 1998 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны Софа Агәмаа лыбзоурала иаатуеит актиортә аҟазара аҟәша. Убри ашықәсан раҧхьаӡа иҭалаз рхыҧхьаӡараҿ дыҟоуп Аслангьы. Убри инаркны иҩызцәеи иареи рҵара ашықәсқәа иацырҵон атеатр маҷ «Аамҭа» аҟны.
Ицәажәараҿы игәалаиршәеит рҵаҩцәас ишрымаз:Алықьса Аргәын,Амиран Ҭаниа, Хәыта Џьопуа,Михаил Лабахәуа. Аҵара анаҩсангьы, ҧышәарак аҳасаб ала ирҿырҵаашаз даара ирацәан. Убас ишнеи-шнеиуаз акурстә усумҭақәа ҟарҵо,аспектакльқәа ықәдыргыло иалагеит. Иара убас адипломтә усумҭақәа. Иазгәеиҭеит ес-ҩышықәса, ма ес-хышықәса ауниверситет аҟны адкыларақәа шымҩаҧысуаз. Агәыҧ ҿыц адкылара аныҟала, актиорцәа ҿыцқәа рыдыркылеит. Урҭгьы аҧхьаӡатәи адкылара агәыҧ еиҧш, атеатр маҷ «Аамҭа» аҟны аҵара рҵон, адипломтә усумҭақәа рыҩуан, убас рҵара хдыркәшеит.
Иара дазааҭгылеит атеатр маҷ «Аамҭа» аҟны раҧхьаӡа аспектакльқәа иқәдыргылаз А. Чехов иҩымҭа «Амшә» еиҭалгеит Софа Агәмаа, иара убас лара илҩыз «Даханарҟьеит»,Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭа «Иара, лара, рҩыза». Анаҩс адипломтә усумҭа ықәдыргылеит «Ажьақәеи арқьымаҭқәеи». Абас ала атетр агәыбылра ахьхацыркыз абарҭ ахәмаррақәа рыла ауп.
Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ҳәа ианыҟала, Софа Агәмаа лҩызцәеи лареи рыбзоурала ииасуеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Иара иазгәеиҭеит, раҧхьаӡакәны асцена ду ахь излацәырҵыз Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭала иқәиргылаз аспектакль «Ҳаҧсуаауп,ҳаҧсуаа!» ала ауп. Аханатә аҩымҭа иахьӡын «Акьанџьа», аха Софа Агәмаа илыҧсахит, ихадаратәу арольгьы налыгӡеит ари аспектакль аҿы. Ус-ус аамҭа цацҧхьаӡа еиҳа-еиҳа русура аҽарҭбаауан, инеиҧынкыланы аспектакльқәа аҭыжьра иалагоит, есышықәса ҩба-хҧа премиера ддырбон.
А. Еныкь дазааҭгылеит, русураҿы аҧсуа драматургиа аҧыжәара ду шарҭо,излалагазгьы уи ала шакәу. Иара убас аҳәаанырцәтәи аклассикцәагьы рырҿиамҭақәа рхы иадырхәон, урҭ иреиуоуп Едуардо де Филиппо –«Дуаҩуп, даамысҭашәоуп!», А.Чехов – «Амшә». Уи аамышьҭахь Д. Гәлиа иҩымҭа – адрама «Анаурқәа», акомедиақәа «Амцҳәаҩ даҭахуп», Шьалуа Гыцба иқәиргылаз «Инаҧҳа Кьагәа», Софа Агәмаа Ф. Искандер иҩымҭа «Ажьақәеи арқьымаҭқәеи» .
Аамҭа цацҧхьаӡа аҿар еиҵагыло иалагеит, ауниверситет аҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа рацәаҩны ианыҟала зымҽхак ҭбаақәаз аспектакльқәа рахь ииасит. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп А. Мықәба идрама «Қьалышьбеи». Иазгәаҭатәуп ари аспектакль Шьалуа Гыцба ишықәиргылаз, даара ахәаҧшцәа рацәаны ишаднаҧхьалаз, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы. Раҧхьатәи ргастроль хацыркын абри аспектакль ала.
Русура иацҵо Урыстәылантәи аресси­орцәа ааҧхьара рыҭара иала­геит. Иқәдыргылоит У. Шекспир иҩымҭа «Амбжьах лыбжьара» захьӡу ҩ-акткны иҟаз аспектакль. Ақәыргылаҩ Наталиа Николаева лакәын, данаауаз ақәыргыларатә гәыҧ лыцны дааит. Анаҩс ирыӡбеит рхы ҧыршәа­рц рхала, хаҭала Алиас Аҩӡба режиссиорк иаҳасаб ала аҧышәа шимамызгьы, актиортә ҟазара илаз ихы иархәаны Б. Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» иалхны иқәиргылеит. Уи даара ишыуадаҩызгьы иқәманшәалахеит. Иазгәеиҭеит Аҧсны еиҧш, Нхыҵ-Кавказгьы ҩынтә­-хынтә ааҧ­хьарақәа анрырҭа «Ацынҵәарах» шыддырбоз.
Иара убас Есма Џьениа дааҧ­хьан, иқәдыргылахьоу еиҧшмыз Артур Лоранс ипиесала иҟаҵаз «Амра анҭашәалакь». Уи лара раҧхьатәи лусумҭа шакәызгьы даараӡа иманшәалахеит,ахәаҧшцәа аднаҧхьалеит.
Анаҩс рхы ҧыршәо иалагеит алакәқәа рҟны. Ҩ-лакәк рзықәлыргылеит Ирма Гәлуа-ҧҳа. Иара убас режиссиорк иаҳасаб ала ихы ҧишәеит Ахра Кәарҷиа – «Аҧсҭазаара ахаҿсахьақәа» захьӡу ала. Рхы азҧыршәеит амоно-спектакль азырхиара. Уи рзыҟаиҵеит Беслан Лагәлаа. Амоно-спектакль актиор хадас даман Ахра Кәарҷиа.
Анаҩс даарыҧхьоит Нхыҵ-­Уаҧстәыла Тҳаҧсаев ихьӡ зху атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Гиви Ивалиев. Иазгәаҭатәуп иара Уаҧстәыла адагьы, Нхыҵ-Кавказ зегьы аспектакльқәа шықәиргылахьоу. Ҳара ҳаспектакльқәа иреиҧшымкәа, даҽакала аус адуланы иқәиргылеит аспекталь «Ишьаарҵәырахаз ачара». Уи аспектакль пластикала ибеиан. Анаҩс аҧхьа иааҳаҧхьаз арежиссиор Наталиа Николаева дааҧхьан,Шварц иҩымҭала иқәлыргылеит «Аҳәынҭқар ҟьантаз»,аӡын иқәлыргылеит Вампилов иҩымҭала иҟаҵаз аспектакль «Аҧеиҳаб». Иара убас аҵыхәтәантәи аамҭазы дааҧхьан арежиссиор Викториа Печерникова, егьықәлыргылеит Жан Ануи иҩымҭала аспектакль «Антигона».
Раҧхьаҟа ргәы иҭоуп хыҧхьаӡара рацәала аспектакль ҿыцқәа рҭыжьра. Ашықәс анҵәамҭазы рсахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа 85 шықәса лхыҵреи аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр 10 шықәса ахыҵреи еимаданы инарҭбааны иазгәаҭахоит.

Стелла Сақаниа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me