«Ауаԥс лира»

20 Ԥхынкәын 2024 07:03
Ноиабр 26-28 рзы Нхыҵ-Уаԥ­стәыла аҳҭнықалақь Владикавказ имҩаԥысит ауаԥс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы, апоет, асахьаҭыхҩы Косҭа Хеҭагуров диижьҭеи 165 ш. аҵра инамаданы апоезиа актәи Жәларбжьаратәи афестиваль «Ауаԥс лира (Осетинская лира»).
Аҟәа, Гәымсҭа ахықәан дынхоит Аԥсны зегьы ацәа аус адулашьа здыруаны иаанхаз аҟаза –Едем Коӷониа. Иара ида иахьа – арахә, мамзаргьы абнатә ԥстәқәа, рцәа иалхны асахҭан ҟазҵо ҳтәылаҿы дыҟам.

Аԥсны Аҳәса Реидгыла

19 Ԥхынкәын 2024 07:20
Ааигәа имҩаԥысит ҿыц иаԥҵоу аиҿкаара «Аԥсны Аҳәса Реидгыла» аӡыргара. Уи напхгара азылуеит Викториа Хәырхәмал. Аӡыргара иазкыз апресс-конференциа аартуа, лара дазааҭгылеит реиҿкаара хықәкыс иамоу.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдыркылеит Аҧсны аҵеи лаша, зыҧсадгьыли зыжәлари рзы зхы иамеигӡоз апатриот иаша, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынқарра ахаҭарнак иабжьгаҩ хада Кавказ Аҭрышба иҧсҭазаара дахьалҵыз. Адышшылараҿы иаҳәоит уи ихьӡ лаша наунагӡа хашҭра ақәымкәа ишаанхо.
Декабр жәибжь рзы, ашьыжь ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнацәа аӡәырҩы, аҿар Д. И. Гәлиа ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, жәлар рпоет дыргәаладыршәеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me