Аслан Оҭырба –115 ш

11 Жәабран 2025 07:30
Жәлар рыбзиабара иаԥсахаз Сынтәа 115 шықәса ҵуеит Аԥсны аҵеи иаша, апатриот ду Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба диижьҭеи.Зегь реиҳа ҳажәлар аамҭа хьанҭа ианҭагылаз, милаҭҵас аԥсра, аӡра ахықә ианхықәгылаз Аслан Оҭырба дымшәа-дмырҳа рҿахәы иҳәон, рыгәҭыха игәҭыхан.
Аԥсуа ган Урыстәылатәи атәанчахәы ишакәым иахьазныҟәо азы ҳтәанчаҩцәа шьҭа Урыстәылаҟа имцалар, Урыстәылатәи абанкқәа рҟны ахсаалагақәа шьҭырымхлар, уаҟа атәанчахәы амрымхлар ада ԥсыхәа рмоуа иааҭагылт.
Зкалам ҵарыз ажурналист ҟаза Гьаргь Жанаа акымкәа-ҩбамкәа астатиақәа изыскхьеит. Уажәтәи салагарц сҭахуп абас:Аӡиас ихшәалаз ҭагалантәи абӷьыцеиԥш, ашықәсқәа нҭакәкәа ицоит.

Аԥышәаратә ԥырра

07 Жәабран 2025 10:56
Иахьа, февраль 7 рзы Аԥсны жәлар 30 шықәса инареиҳаны иззыԥшыз ахҭыс ҟалеит. Абарҭ аминуҭқәа рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа"аҟны аԥышәаратә ԥырра мҩаԥызгоз аҳаирплан тәеит.

Амҿи абеи рзҟазацәа

07 Жәабран 2025 07:29
Жәытә аахыс аԥсуаа ҳҿы анапҟазара хкқәа: ауасҭара, ажьира, ахәаҳә ацәра ахархәара рыман. Аҵыхәтәантәи шьҭа усҟак иуԥымлозаргьы, аусҭареи ажьиреи иаҿу макьана иҟоуп. Ажәытәан аҵла зымцәуаз анхаҩы дыҟамызт. Акҿыҩраҿы иаҭаху амаҭәарқәа зегьы амҿы иалхны иҟарҵон, акыцлых ҿиаанӡа. Иахьа амҿлых аларҵәара бзиа амоуп. Зхаҭабзиара ҳараку аусумҭақәа, напыла иҟаҵоу, ҳаҭыр рықәуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me