Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа дрылацәажәеит Москваҟа иусуратә ныҟәара аихшьалақәа, – иаанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымсаи-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи.

Инымҵәаӡо амш

09 Ԥхынкәын 2022 09:57
Саида Делба дҭахеижьҭеи 30 ш. ҵит Зажәа еснагь иҵаулаз, зхәыцрақәеи зыгәҭыхақәеи ззымҳәар ҳәа ацәшәара змаз, еснагь зҵаара дук аҭак аҧшаара иашьҭаз, згәы зыҧсадгьыл иадыз, уи иахыбаауаз, иазхәыцуаз, злахьынҵа ихьыршәыгәу зпоезиаҿы заа избаз… Зыхгьы-зыҧсгьы зыжәлар рзы изҭахыз, зыҧсадгьыл агәыбылра зҽылаҳәаны иҟаз Саида Бадра-иҧҳа Делба…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me