Аԥсны аҩбатәи ахада дыргәаладыршәарц, ашәҭқәа шьҭарҵарц, анышә дахьамадоу Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан иҳаҭгәын ахь инеит: Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аиҳабыра рхаҭарнацәа, адепутатцәа, ауаажәларра.
Сергеи Багаԥшь аҳәынҭқарра напхгара анаиҭоз ҩ-нызқьи ааба шықәса рзы ҳажәлар шәышықәсала иззықәԥоз Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра азхаҵара аиуит. Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала. Ари ахҭыс наунагӡа иара ихьӡ иадҳәаланы иаанхоит. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ҳҳәынҭқарра напхгара анаиҭоз аамҭақәа рзы ихацыркыз Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара иара ишьҭахьгьы иацҵоуп.