Афырхацәа рхамышҭырц…

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 79 ш. аҵра инамаданы С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа  рнапы аларкит Гәдоуҭа араион 22 қыҭа рҟынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз (иҭахазгьы, ихынҳәызгьы) рпатреҭқәеи рнысымҩақәеи реизгара. Апроект «Афырхаҵара ыӡуам»  2025 шықәса лаҵарамза жәба рзы – аибашьра еилгеижьҭеи 80 ш. анҵуа апроект хыркәшахоит.

2024 ш. лаҵарамза ааба рзы амузеи аҿы имҩаԥган «Афырхаҵара ыӡуам!» зыхьӡыз аиԥылара. Аԥсуа қыҭа Ҟәланырхәа иалҵыз 133-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәын. Иаартын урҭ рфотосахьақәа рцәыргақәҵа. 133-ҩык рахьынтә 83-ҩык зымхынҳәӡеит, 50-ҩык хынҳәит. Ҟәланырхәа ақыҭала ихацыркын ацәыргақәҵа. Ари ақыҭаҿы ауп дахьиз раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Виктор Константин-иԥа Аргәын.

Аиԥылараҿы дықәгылеит араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа. «Аҭоурых аизгара, аиқәырхара, абиԥарақәа рзааныжьра – уи баҟак иаҩызоуп. Ҳара ҳхаан ибзианы иаадыруан аибашьра Дуӡӡа аҭоурых, иҭахазгьы, иалахәызгьы рзы  аинформациа ду ыҟан. Ашколқәа рҟны  урҭ рсахьақәа кыдын,  лабҿаба иаабон. Аиааира зегьы ирыдысныҳәалоит. Ажәлар аҭынч ԥсҭазаара рзеиӷьасшьоит», – иҳәеит уи.

Апроект  «Афырхаҵара ыӡуам», аиҿкаареи аӡыргареи знапы иҵызхыз  Д.В. Ахба ихьӡ зху Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ анапхгаҩы Смырԥҳа  Аллеи  арҵаҩратә еилазаареи рымч-рылша адырҵеит аибашьцәа рфотосахьақәа реидкылареи реизгареи рҿы.

Алла Смырԥҳа иазгәалҭеит: «Иахьынӡаҳалшоз рсиа еиқәҳаршәеит. Иҟалап аӡәык-ҩыџьак агзаргьы, аха ари ацәыргақәҵа зегьы ҳаилнаркаауеит».  

Оҭар Осиа иқәгылараан иҳәеит: «Изгәалазыршәаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Осиаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 19-ҩык алахәын, урҭ рахьтә  Камшьышь  Осиа иԥацәа хәҩык еибашьуан: Сократ, Володиа, Дмитри, Михаил, Снатиа Михаил дшыхәыҷыз иани иаби рыԥсҭазаара иалҵит. Камшьышь иашьа иԥа Михаил ихәыҷқәа дрыциааӡеит. Михаил аибашьраҿ дҭахеит».

Ҟәланырхәаа зегьы рыхьӡала дцәажәеит Леон иорден занашьоу Џьамал Аҩӡба: «Иахьа ҳзыҩнагылоу амузеи Ҟәланырхәаа рҵеицәа рыла илашоит. Зегьы фырхацәан. 79 ш. шҵуагьы, зыбаҩқә́а ахьыҟоу ззымдыруа ауацәа, аҭахцәа маҷӡам. Ҳаԥсадгьыл ахьӡ шьҭызхуаз, ианаҭахха аԥсра хаҵарала иаԥылаз, ахаан рыхьӡқәа кашәаӡом. Уи арҵабыргуеит иахьатәи ҳаиԥылара».

Апроект «Афырхаҵара ыӡуам!» ақыҭақәа зегьы рҟынтә иацҵахоит. Уажәазы – ақыҭақәа хәба рҟны еизгоу роуп. Аҩбатәи ацәыргақәҵа ԥхынгәымза 22 рзы имҩаԥгахоит.          

 

Гугуца  Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me