Зымҽхак ҭбаау аусумҭақәа зҭынхаз

Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Сергеи Габелиа амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазараҿы имҩашьауа ишьҭа аанижьит. Иԥсҭазаара зегьы асахьаҭыхра аусхк иҭышәынтәаланы аҿиара иазкын, илшазгьы рацәоуп.


Сергеи Михаил-иԥа Габелиа диит 1939 ш. ианвар 23 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Абжьаратәи ашкол даналга аҵара иҵон Аҟәатәи асахьаҭыхратә студиаҿы.
Сергеи Габелиа ашкол данҭаз инаркны асахьаҭыхра бзиа ибон, хәыҷы-хәыҷлагьы ибаҩхатәра аҽаанартуан. Ихазы иӡбхьан асахьаҭыхра азанааҭ шалихуаз, игәҭакы анагӡара амҩа данын, егьицааиуан.
Ашьҭахь дҭалеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, ахԥатәи акурс аҟнгьы ддыртәеит. Иҵара даналга, 1960-1966 шықәсқәа раан адырра бзиақәа ирҳаит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиаҿы. Қәҿиарала араҟа иҵара хиркәшеит. Идипломтә усумҭа иахьӡын «Амҳаџьырқәа». Аԥсныҟа даныхынҳә, хара имгакәа аҭаацәара далалоит. 1966 ш. Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгылахьгьы дрыдыркылоит. Иара убри ашықәс азы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабыс дахадыргылоит. Аамҭакала араҟа дырҵаҩын, аҿыханҵа азанааҭ дырзаԥхьон.
Арҭ ашықәсқәа раан Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс иҟаз Марина Ешба аҟазацәа ҿарацәа даара игәцаралкуан, лԥышәа рымалдон. Сергеи Габелиа урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан. Рҽеимаданы асахьаҭыхратә ҟазара аҿар радԥхьалара иазааԥсон. Ҳәарада, еснагь абаҩхатәра злаз аҿар алԥшаалатәын, ирыцхраалатәын, ирыдгылатәын. Даҽакалагьы иауамызт. Сергеи Габелиа ихатә рҿиара инаваргыланы иааиԥмырҟьаӡакәа аҵара-ааӡара аус инапы алакын.
Марина Ешба лмаҵура аанлыжьуеит 1975 шықәсазы. Убасҟан еицҿакны ахантәаҩыс ихьӡ рҳәеит, дагьалырхит абаҩхатәра злаз асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ Сергеи Габелиа. Хымԥада, иҩызцәеи иеиҳабацәеи еицгәарҭахьан илаз аиҿкааратә баҩхатәра. Араҟа 22 шықәса аус иуит. Амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара арҿиараҿы илшамҭақәа рзы 1971 ш. рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аусԥҟала Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. Акыр шықәса СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгыла аусбарҭа аилазаара далан.
­­­«Асахьаҭыхҩы Габелиа иусум­ҭақәа рҟны аемоциа маца­­­ра изхомызт, уи иҩнуҵҟатәи идоуҳамч иаҿыбааны дахәа­ԥшуан, егьеиликаауан убри ада акгьы шузаԥымҵо. Уи аԥсабара алирикатә ҟазшьа аманы, иазааигәаны идикылон. .. Иусумҭақәа аԥшӡара аамсҭашәара рыҵубаауеит, иаахтны убла ихгыло алирика иҽацәихьчоит. Иаԥиҵо рыԥштәқәа ракәзаргьы, еснагь имыцхәны акы алубаауа иҟаӡам… Иусумҭақәа рҟны аԥсабара агәеисыбжь уныруеит, аԥштәқәа реимадарала, реиҿыбаарала иџьашьахәу дунеик аадырԥшуеит», – иҩуан аҟазараҭҵаара адоктор Ал. Аргәын.
«Аҿыханҵаҩ изааигәан Кавказ аԥсабара. Ҷыдала апеизажқәа раарԥшра ицааиуан, амч инаҭон. Апеизаж «Ауадҳара» уи арҵабыргуеит. Аҟаза ихшыҩзышьҭраҿы иҟоуп ашьхақәа, иналкааны абнара, насгьы ихатәы блала аԥсабара ахәаԥшра. Иусумҭа «Аоезиа ахыҵхырҭа» аҟны акәзар, даараӡа дацклаԥшны, абырцкал икылхны дазнеиуеит, избанзар уаҟа фыхаҵа хаданы даарԥшуп Дырмит Гәлиа…

Аԥсуа поезиа ахыҵхырҭаҿ игылоу абыргцәа дахьрылагылоу еиҳа далкааны дрылубаауеит… Дырмит Гәлиа ажәлар ирызнеигаша апоезиа ала иааирԥшуеит ихатәы бызшәа аԥшӡара, даара рҽазҵәылхны изыӡырҩуеит.
Асахьаҭыхҩы урҭ иреиҳәо рхаҿқәа ирныԥшуа аҟаҵара дацклаԥшуеит. Еилагылоу деилыхха дрылубаауеит иара убас Нестор Лакоба» , – иазгәалҭоит О. Воуцеховскаиа-Брендель.
Аԥсны ашәарҭара ду ианҭагылаз, Аџьынџьтәылатә еибашьраан асахьаҭыхҩцәа рахьтә гәыԥҩык апатреҭқәа-шаржқәа маҷымкәа иаԥырҵеит, урҭ иреиуоуп: Хә. Аҩӡба, И. Ҷкадуа, З. Аџьынџьал,Т. Амԥар, Н. Логәуа уҳәа. С. Габелиа иаԥиҵаз Шеварнаӡеи Каркарашвилии рсахьа-шаржқәа ахәаԥшцәа ахәшьара бзиа рырҭеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акәзаргьы, Сергеи Габелиа ижәлар дрылагылан. Иара иаԥшьгарала еиҿкаан асахьаҭыхҩцәа рырҿиаратә хеидкыла «Ажәеиԥшьаа». Убри ала иҩызцәеи иареи ирҭахын аԥсуа сахьаҭыхҩцәа Аԥсадгьыл ахьчараҿы рлагала аҟаҵара, ақәылаҩцәа рхаҿра аарԥшраҿы рыгәҭакы анагӡарагьы рылдыршеит.
Сергеи Габелиа, Зоиа Аџьынџьал, Валентина Хәырхәмал, Витали Лакрба уҳәа абиԥарак еиуан, аиҩызара бзиагьы рыбжьан. Хәыта Аҩӡба қәрала дшеиҳабызгьы, Сергеии иареи даара пату еиқәырҵон, иааигәаны егьеиҩызцәан. Сергеи Дызгәалашәо ирҳәоит агәы ҭбаа шизҭаз, Аԥсуара шныҟәигоз, ауаҩы ихаҵгылара дшацәымаашьоз, еснагь аҿыц дшашьҭаз, асахьаҭыхҩцәа рбзазаратә зҵааҭқәа инадыркны ирыгыз-ирыбзаз илаԥш шырхыз, дшырхаҵгылоз.
Аԥсҭазаараҿы Сергеи Габелиа ихаҭара аанарԥшуеит ижәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара дахьалагылаз. Уи шьақәнарӷәӷәоит аԥсуа шәҟәы ҳәа хьӡыс изауз знапы аҵазҩыз 130-ҩык дахьыруаӡәкыз.
Асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ ирҿиара аус азы аамҭа шизымхозгьы, игәыгәҭаижьуамызт, даара аусумҭа шьахәқәа рацәаны иаԥиҵеит. Урҭ иреиуоуп апатреҭқәа: «Ҟасҭеи Арсҭаа», «Ԥимба Ҭраԥшь», «Иван Папасқьыр», иара убас «Амҳаџьырқәа», «Ҳаб иҩны», «Ажара», «Гәыԥ ашьха», «Ауадҳара», «Афронт ахь анаскьагара», «Аԥсны аҵеицәа», «Арацәа адкылара», «Ареволиуциа иақәлоу», «Лыхнашҭа» уҳәа егьырҭ аусумҭақәа. Асахьаҭыхҩы аҵыхәтәантәи иусумҭа акәны ирдыруеит «Афонҿыцтәи ауахәама» (1997). Ирылукаауа ируакуп «Амҳаџьырқәа». Егьырҭ аҟазацәа реиԥш, иусумҭақәа ­акырнтә, Аԥсны еиԥш, анҭыҵгьы (Москва (1975, 1982), Берлин (1986), Ныс (Польша, 1988), Генуиа (1992) Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа ирылахәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга, асахьаҭыхҩцәагьы Аҟәаҟа ихынҳәит, маҷ-маҷ арҿиара аус иазхьаԥшуан. Аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа шацызгьы, акультура иаҵанакуаз егьырҭ ахкқәа реиԥш, асахьаҭыхратә ҟазара ҩаԥхьа иҭышәынтәаланы аҿиара амҩа ианылар акәын. Гәык-ԥсыкала ари аус дазааԥсон асахьаҭыхҩцәа рхада.
Сергеи Габелиа акыр заа ари адунеи аанижьит, иԥсҭазаара ҿахҵәеит. 57 шыҵәсазаҵәык роуп иниҵыз. Иҭаацәа, иҩызцәа, ауацәа-аҭахцәа, дыздыруаз зегьы даара гәалсрала ирыдыркылеит ауаҩы аамсҭашәа дахьрыԥхаз. Ҳәарада, уи иаԥхьаҟа илиршашаз рацәан, аха инагӡаны игәыхәтәы дзахьымӡакәа иԥсадгьыли иуаажәлари дрыԥхеит. Ега ус акәзаргьы, Сергеи Габелиа аҭаацәара ԥшӡа аанижьит, иҭынхеит арҿиамҭа шьахәқәа.
Сергеи Габелиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ҵакыла игәылҭәаан, убас дагьымҩасит. Иусумҭақәа ҵәахуп Урыстәыла амузеиқәа, насгьы Шьамтәыла, Польша, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Финлиандиа, Ҭырқәтәыла уҳәа ахатә коллекциақәа рҟны.

В. Ацанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me