Аира, ахдырра, агәыӷра

Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа угәы шьҭнахуа иҟам. Имаҷхеит ииуа рхыԥхьаӡара, ирацәахеит аԥсра, ихьшәаны аҭаацәаралалара, илаҟәит аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Аҳәса аӡәырҩы еиӷьыршьоит анҭыҵ ахшараиура анацәа ркапитал аиуразы. Ари иахҟьоит ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шаҟаҩы ацлаз азы адырраҭара ҵабыргқәа рыҟамзаара.

Маи 16 азы адемографиа азҵаатәқәа ирызкны астол гьежь мҩаԥган Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аҟны. Ишәыдаагалоит Ацентр аиҳабы В.А.Чрыгба иқәгылара иаазыркьаҿны.

Аҵәатәы шьаҟа

Аӡәгьы изы имаӡам Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩны ишыҟоу. Раԥхьаӡа иргыланы, зыӡбахә ҳамоу аԥсуаа демографиала ҳахьыуашәшәырахаз ауп. Ҳхыԥхьаӡара иахьацымло, хылаԥшра змам аиммиграциа ҳаԥхьаҟа иладырҟәыр алшоит даара ишәарҭоу аҩаӡара аҟынӡа аԥсуаа ҳхыԥхьаӡара.

Шәарҭарас иаҵоузеи ҳаԥсадгьыл аҿы аԥсуаа рымҽхак аиҵахара атенденциа? Раԥхьаӡа иргыланы, инаҵшьны иазгәаҭатәуп, аԥсуаа шракәу аҳәынҭқарра еиҿызкаауа, избанзар хьыӡҳәала дара роуп Аԥсуа ҳәынҭқарра аидеиа ныҟәызгауа, ҵәатәы шьаҟас иаҵагылоу. Дара рыжәҩахыр иқәуп аԥсуа бызшәа ахархәара, аихаҳара, аԥсуа милаҭтә культура арҿиара, иара убас Ҳаԥсадгьыл ахьчарагьы.

Хьыӡҳәала абри аҟнытә, уаҩы имбарц залшом аԥсуаа демографиала рыԥсыҽра ҳҳәынҭқарра амилаҭ ашәарҭараҵәҟьа ишҭанаргыло. Адемографиатә шәарҭадара аполитикатә шәарҭадара иузаҟәымҭхауа иахәҭакуп. Уи аԥхьа ианаҳмыргыла, аҳәынҭқарра ахылаԥшрагьы ҳцәыӡуеит.

Адемографиатә проблема аӡбара аҳәынҭқарра атәылахьчара иамадоу ауснагӡатәқәа ирыдукылар ауеит. Иҳазҳәома, ҳара ҳҳәынҭқарра уи арҽеиразы аусмҩаԥгатә ӷәӷәақәа аус рыдулареи рымҩаԥгареи ирҿуп ҳәа? Макьаназ, рыцҳарас иҟалаз, уи алацәажәара заацәоуп.

Изыргылода иҿыцу Аԥсны, изырҿиода ҳмилаҭтә культура, ҳбызшәа, ҳекономика, џьара агрессорк деиҭаацәырҵыр изыхьчода Ҳаԥсадгьыл? Арҭ азҵаарақәа зегь ззеиԥшу гәаҵәажәпак иакәымзар, ԥхьаҟатәи зԥеиԥш иазхәыцуа игәы инамырхьырц залшом. Еиҭасҳәоит, адемографиатә шәарҭадара даара аҵак ду аманы иаақәгылеит, насгьы иара иамоу астратегиатә ҟазшьала аҳәынҭқарра ахьчара апроблема иадукылар ауеит. Абраҟа иҳамоу-иҳахӡу акгьы ҳармеигӡароуп.

Демографиала аԥсыҽра

Иааԥымҵәаӡакәа демографиала аԥсыҽра аԥсуа жәлар ирыхҭыргахьоу агәаҟ-ҵәаҟрақәа ирымзызны иҟалеит.  Ишәгәаласыршәоит, абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз. Аурыс-Кавказтәи аибашьра иахҟьаны Аԥсны иаҟәыԥсааит 70 процент раҟара ауааԥсыра. Сталини Бериеи иаркы-ирцә ҳәа анапхгара аныҟарҵоз  аамҭазы аԥсуа жәлар дара рыԥсадгьыл аҟны уаа ҵабыҵассаны иршьон. Акыраамҭа ахырҵәара, ахыԥсаара Дамокл иаҳәа аиԥш ирхакнаҳан, иара убри аамҭазы Мырзаҟан инхоз ҳажәлар рыхәҭак дара ирмазҵааӡакәа рмилаҭра рхыхын – рбызшәа рҿыхын. «Ирҿиоу асоциализм» аҭынчра аамҭазы иҟаз аԥсеивгара хыркәшахеит СССР аилаҳарала. Убри ашьҭахь, Қырҭтәыла иаԥшьнагаз аибашьраҿы Аԥсны иара амилаҭ иреиӷьыз ахаҭарнакцәа ацәыӡит, зықьҩыла аҿар уи ахьчара рхы ақәырҵеит. Ҩаԥхьа аԥсуаа демографиала шьҭахьҟа идәықәлеит. Аибашьра ашьҭахь аизҳара, аира маҷк ишьҭыҵшәа иҟан. Уи зыдҳәалахаз аиааира иаҳзаанагаз агәырӷьара, еиӷьу аԥсҭазааразы агәыӷра ҿыцқәа ракәын. Аибашьра зхызгаз Аԥсны жәлар рганахьала аблокада мҽыӷ абарҭ агәыӷрақәа ахәышԥарӷы рықәнаԥсеит. Зықьҩыла аԥсуаа, хадаратәла аҿар, агәамч-алшара змаз, раԥхьаҟа ԥеиԥшк ацәаара рымбо ианалага, џьара ԥсҭазаара бзиак ҳзыԥшаауазар ҳәа Рыԥсадгьыл аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рмоуит. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсныҟа ихынҳәраны иҟаӡам.

Аҭагылазаашьа дырҵаулоит ҭоурыхла ишьақәгылахьоу аԥсуаа рҭаацәаралалара аҷыдарақәагьы: ихьшәаны аҭаацәаралалара, хыԥхьаӡара рацәала аҳәса хаҵа рымцара. Традициала ажәытәан аԥсуаа аҭаацәара дуқәа рыман, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәан, анаҩсан аҭагылазаашьа аныманшәалаз асовет аамҭазы аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаақәырҵәиааны имаҷхо иалагеит. Ақалақь аҟны ԥҟараны иҟалеит аӡәы-ҩыџьа ахәыҷқәа, ақыҭаҿы – 3-4-ҩык.

Иаҳныруа ахҟьа-ԥҟьақәа

Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиӷьымхеит иаҳа иҭышәынтәалаз аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟалагьы. Аҿар аусурҭа рымамзаара, афатә-ажәтә, амаҭәа-ҩыҭәа, арахь ауалафахә маҷқәа, аира иацу ахарџь дуқәа, иара убас ахәыҷқәа рааӡара, аҵара дырҵара рганахьала ахәқәа рышьҭыҵра даара иҵоурамкәа анырра ҟарҵоит аира аҩаӡара ашҟа.

Ирацәаҩны аҿар, амҩадуқәа рҟны машәырла иҭахоит, атәыла есышықәса жәаҩыла аҿар алԥсаауеит. Урҭ рыҩнуҵҟа анаркотикқәа ахрархәара аҩаӡара ахьыламҟәуа иаҳнарбоит ауааԥсыра социалла рҭагылазаашьа шыманшәалам, даара иҵоурамкәагьы анырра шыҟанаҵауа уи адагьы иуадаҩу адемографиатә ҭагылазаашьа ашҟа.

Ааха ӷәӷәаны иҟалеит ааигәа иаҳхаагаз ачымазараҿкы – КОВИД-19. Ҳмедицина иааидкыланы ицәгьамкәа амч ақәхеит абри ачымазара бааԥсы, аха уи  иахьа уажәраанӡагьы иаҳныруеит.

Абри апроблема иамоу аҵакы ҳасаб азуны, уи аҭыԥ ақәҵаразы абарҭ ажәалагалақәа уаҩы ихы иаирхәар ауеит.

Ажәалагалақәак

Акы, Аминистрцәа Реилазаараҿы иаԥҵатәуп адемографиатә комиссиа. Уи абри аганахьала иҟоу-иану ирхылаԥшуеит, насгьы ианаҭаххо аамҭазы иаднакылалароуп аҳәынҭқарра зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа аҽалагалара зҭаху аусмҩаԥгатәқәа.

Иҩбахаз, аусуратә гәыԥ еиҿкаатәуп Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети Аԥсуаҭҵааратә институти рспециалистцәа реилазаарала, Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа иааидкыланы ҭҵаарадыррала иазнеиша. Иадуԥхьалар ауеит асоциологцәа, адемографцәа, аекономистцәа, аԥсихологцәа. 1-1, 5 шықәса рыҩнуҵҟала абри аусуратә гәыԥ иармазеироуп Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа аганахьала ҳаамҭазтәи ахырхарҭақәа ирызку инеиҵыху ажәахә.

Ауаажәларраҿы акырынтә иалацәажәахьеит Аԥсны адемографиа азҵаарақәа хахаҵәҟьа знапы рылазкыша Адемографиатә фонд аԥҵара шаҭаху. Афонд анапаҿы еиднакылар алшон  иахырыԥхьаӡало аԥаратә малқәа. Аха, ҳҳәынҭқарразы аҵакы змоу абри апроблема ҳасаб азуны, иазхәыцзар ахәҭоуп адемографиатә ҭагылазаашьа арманшәалара иазкхаша адемографиеи амиграциатә Рминистрра аиҿкаара.

Сара акырынтә срылацәажәахьеит ҳҳәынҭқарраҿы адемографиатә ҭагылазаашьа арзҩыдара амҩақәа ирымоу аԥыжәарақәа, агха-ԥхақәа. Ҳәарас иаҭахузеи, абраҟа ганкы мацара иадцәылатәым. Стратегиатә хықәкқәаны иҟоуп ҳџьынџьуаа мҽхакы ҭбаала рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра, аира кырӡа азырҳара. Иага ус акәзаргьы, ҳазну аамҭаз хьыӡҳәала иалкаатәу акәны иҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит аҭагылазаашьа арзҩыдаразы амҩа (даҽакала иуҳәозар, аира агәазыҟаҵара), ҳаамҭазтәи аполитика-економикатә ҭагылазаашьақәа рҿы иаҳа алҵшәа аазышьҭуа ҳәа иԥхьаӡаны.

Нас иаҳагьы иуадаҩхоит

Абри инамаданы ҳазхьамԥшыр алшом Аԥсны маӡалатәи аиммиграциа апроблемагьы. Ҳаблақәа хҩаны ари апроблема ыҟамшәа ҳаԥхьаӡар,  ахы иоуҳажьыр, аҭагылазаашьа хылаԥшра ҳзамҭар ауеит, нас уи аҭыԥ ақәҵара иаҳагьы иуадаҩхоит. Маӡа дуны иҟам, акы нарҿшьны Аԥсны мрагыларахьтәи қыҭа кҿахак аҟны амигрантцәа иаармарианы рыҽҭарҩыр шалшо, нас шықәсқәак аниаслак, «аҭыԥантәиқәа» раҳасабала Гагра ма Аҟәа нхара аиасра шрылшо. Изакәанымкәа ҳпаспортқәеи ҳтәылауаҩреи зауа рахьтә зегьыҵәҟьа ҳара ҳазҭаху ракәны иҟам. Ачынуаа рыԥсықымқымра рхы иархәаны, урҭ Аԥсны анхара-анҵыразы маӡала алшара ахьроуа мацара акәымкәа, урҭ атәыла аҩнуҵҟатәи апроцессқәа рахьгьы анырра ҟарҵалоит. Ҿырԥшыс, алхрақәеи мамзаргьы знымзар-зны ареферендумқәеи раангьы.

Ари иаҳнарбо убри ауп, акоррупциеи ахылаԥшра зынӡаск аҟамзаареи аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара ашәарҭараҵәҟьа иҭанаргылоит.

Хлаԥшра змам аиммиграциа, агастарбаитерцәа рмиграциа (урҭ Узбекисҭани, Ҭаџьықьсҭани, егьырҭ мрагыларатәи атәылақәеи руааԥсыра роуп) инаваргыланы, иҟоуп атәылауаҩрарзы акомиссиа иахысуа аргамаҵәҟьа амиграциа. Атәылауаҩра зауа рыхәҭак Аԥсны ииз роуп. Аха егьырҭ рыхәҭа – Аԥсны изакәызаалак џьара акала иадҳәалом, иаҵкарым атәылауаа ҿыццәа роуп. Шықәсык аҩнуҵҟала акомиссиа атәылауаҩра рнаҭоит 3 нызқьҩык раҟара, агха смыхьуазар. 10 шықәса рыла ишьҭаҳхып, ҳара иҳауеит алхрақәеи ареферендумқәеи зхы рылазырхәыша иашьагәыҭым ауааԥсыра 30 нызқьҩык раҟара. Ари даара изызхәыцтәу политикатә усуп.

Владислав Арӡынба иажәақәа

Еиӷьӡами анхаразы азин иаҳа инарҭбааны рыҭара, атәылаҿы имииз ауаа атәылауаҩра рыҭара акырӡа еиҵатәны? Абас иныҟәоит, ҿырԥшыс, Монако Аҳраҿы, Еидҵоу Арабтә Емиратқәа рҿы. Убраҟа атәылауаҩра зауз атәымуаа ирылшаӡом атәыла аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика ашҟа анырраҟаҵара. Абарҭ атәылақәа рҿы акыр шықәса ауаа нхоит, абизнес қәҿиарала рнапы алакуп. Ҳдефографиатә ҭагылазаашьа ауадаҩра ҳхаҿы иааганы, убри аԥышәа ҳашҟа ииаҳгар амуӡои? Сцәажәара хсыркәшар сҭахуп ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба иқәгылара аҟнытә ажәақәак рыла: «Ҳадгьыл ҳахьчеит, Егрынӡа ҳнаӡеит, абри Аиааира заҳҭахузеи абраҟа аԥсуаа нымхозар, ҳара ҳрацәаҩымхозар? Егьырҭ ажәларқәа абрахь иааины араҟа анхара-анҵыра иалагар, иаҳцәыргоит ҳадгьылқәа, ҳаҩнқәа, иҳамоу зегьы, изаҳҭахузеи уи аҩыза атәыла? Ҳара ҳрацәаҩхароуп: аҳәынҭқарра аргылара ҳаналацәажәауа, раԥхьаӡа иргыланы аҭыԥ иқәаҳҵароуп адемографиа апроблема».

Хыӡҳәала абас иҳәеит Владислав Арӡынба. Уи иажәақәа ҳарҭ зегьы ҳзы имҩақәҵагахароуп. Ҳазну аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳарратә усеицура иабзоураны зҭыԥ иқәҵоу атәыла ашәарҭадара апроблема ашьҭахь, аҩбатәи апроблема хада –ауааԥсыра рпроблема, адемографиа апроблема ауп. Уи аҭыԥ иқәымҵакәа ҳара иҳалшом Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылара, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, ҳажәлари реиқәырхара.

Акьыԥхь иазирхиеит

Борис Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me