Хәажәкыр 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урҭ аибашьцәа ргәы шьҭырхуан…

Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Қырҭтәыла ар шьаҭанкыла ҳақәхра гәҭакыс иҟаҵаны ианҳақәла, аҕа иқәцаразы, агәаҕьреи агәымшәареи аарҧшны абџьар шьҭызхыз аҭыҧҳацәа еиҿамсцәа иреиуоуп ҩыџьа аеҳәшьцәа: усҟан 16 шықәса зхыҵуаз Илонеи 17 шықәса ирҭагылаз Медеиеи Кәакәасқьыраа.

Ҿыц игәылҵыз агәил шәҭеиҧш иҧшӡаӡа, ақәыҧшцәа зҟәыншьшьыла иҩагылаз аҭыҧҳацәа Илонеи Медеиеи амалахазгьы аибашьра ҟалоит ҳәа рхахьгьы иҟамызт, зегь реиҧш, иазхәыцуан ргәахәтәы анагӡара. Илона абжьаратә ҵара  ахыркәшараз шықәсык лыгын, Медеиа лакәзар, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа авокал аҟәшаҿы аҧышәарақәа аҭаны дҭалеит аҟароуп, аҩыџьагьы рҵара нарыгӡартә аҭагылазаашьа ҟамлеит… Илона ҳаиҿцәажәара лхы алалмырхәит, аха Медеиа мап ҳцәымккәан лаҳәшьеи лареи реибашьратә нысымҩа даҳзалацәажәеит.

Аибашьра раҧхьатәи амш лгәаларшәо лажәа дналагеит уи: 

– Аҽны, ҳгәылара амаҳәаагара ыҟан, сашьа усҟан 5-шықәса ракәын ихыҵуаз, уи зегьы дҳаиҵбын, саҳәшьцәа хҩыки сареи агәырҕьара ҳҽазыҟаҳҵон шьыжьы инаркны, «ҵкыс иаҳшәаҳҵаша», «ҳшыкәашаша», ажәакала, аҽырбара аамҭа ҳҭагылан. Ус, дук мырҵыкәан иааҳалаҩит ажәабжь бааҧс, аибашьра ишалагаз ала.

Медеиа лажәақәа рыла, рқыҭа Ҧақәашь иқәынхоз ахацәа аӡәы днымхакәан абџьар шьҭыхны  аҕа иҿагылеит, 16 шықәса зхыҵуаз, зынӡа иқәыҧшыз арҧарцәагьы маҷҩымкәан еибашьра ицеит. «Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны саб Митиеи (Дмитри), саб иашьа Гаррии, 16 шықәса зхыҵуаз саб иашьа иҧа Омари Кәакәасқьыраа Аиааира амш аҟынӡа еибашьуан. Аибашьра ашьҭахь рыхҩык ираамҭамкәан рыдунеи рыҧсахит. Иранашьоуп аҳамҭақәа.

Аха, саҳәшьеи сареи аибашьрахь ҳцара раҧхьатәи амш азы иҟамлеит. Аибашьра ҩмз аахылахьаны еиҧш, ҽнак саб сиҳәеит, усҟан, ҳаруаа ахьтәаз ахәы ҳарак «Андрушька Кәакәасқьыр ихәы» ҳәа изышьҭоу ахь аибашьцәа анцо саргьы сигарц, «ус баша избарц сҭахуп» ҳәа иасҳәеит. Иара аҭакс, «знык банца, шьҭахьҟа бышсмырхынҳәуа бдыруаз, банца уа баанхоит» – ҳәа иажәа ааҿахиҵәеит. Уи акәхеит, раҧхьа сара сцеит, аибашьцәа ргәыҧ аҟны саанхеит, ҧыҭрак ашьҭахь, саҳәшьа Илонагьы дсышьҭаланы днеит, уигьы шьҭахьҟа хынҳәышьа лымамызт», – лҳәеит Медеиа лаҳәшьеи лареи аибашьра рцара шыҟалаз лгәаларшәо.

Знапы ҧшқақәа џьабаа рымбацыз аеҳәшьцәа Илонеи Медеиеи абџьар хьанҭа инаҵалеит, уи ахархәашьа ддырҵеит рашьцәеи ргәылацәеи аамҭа кьаҿк иалагӡаны. Анаҩс, арҭ аҭыҧҳацәа аибашьра зегь Охәреии Ҧақәашьи рҳәаа ахьчаразы ахырҕәҕәарҭаҿы ирхыргеит.

«Саб Митиеи, саб иашьа Гарри уи иҧа Омари, зцәыкәбарқәа еилаҭәоз, насгьы, хаҭала, ансамбль «Ерцахә» аҟны ашәа зҳәоз: Нодар Быҭәба, Вальтер Ҧачлиа, Капитон Ҷыҭанаа уҳәа 12-ҩык еидызкылоз ҳавзвод командаҟаҵаҩыс даман Вальтер Ҧачлиа, арота акомандирс – Рафаел (Рафик) Хәубутиа, абаталион деиҳабын Сергеи Зыхәба, уи ихаҭыҧуаҩыс дыҟан аҩбатәи арота «Дед» акомандир Феликс  Џьынџьиа.

Ҳгәыҧ аҟны ҭыҧҳацәас аибашьцәа ирыцыз саҳәшьеи сареи заҵәык ҳакәын аҟнытә, зегь ҳахӡыӡаауан, рылаҧш ҳхын», – лҳәеит реибашьрамҩа лгәаларшәо Медеиа.

Анаҩс, аибашьра адәаҿы еиуеиҧшым аҭагы­лаза­а­шьақәа шыҟаз азгәаҭо, ахҭысқәа шырацәоугьы улахь еиқәызҵаша, лассы-лассы илгәалашәо ахҭыс аиҭаҳәара далагеит. «Еиҧхьбарашәа иҟалеит уи аамҭазы, икажьыз ҵла дук насҭхашәа амахә дықәтәан иҩызцәа еибашьцәа дышрацәажәоз, аҵыхәтәаны ирҭаз азҵаара аҭак шыҟаиҵаз еиҧш, али-ҧси рыбжьара аҕа иҭирҟьаз аминамиот ҳала ишабоз дааихәнаҵәеит», – лҳәан, даара илцәыхьанҭаны, луанытә даақәыҧсычҳаит, ҧыҭракгьы ҿымҭкәан даатәеит Медеиа ари ахҭыс анылгәалалыршәа ашьҭахь.

Даара лахьеиқәрала илгәалалыршәоз ахҭысқәа ируакуп Охәреи агаразы ажәылараан, 7-ҩык Ҧақәашьаа рыҷкәынцәа рҭахара.

Аибашьра адәаҿы агәаҕьреи агәымшәареи аазырҧшыз аӡәырҩы дзызгәыдуны зыӡбахә ҳалҳәаз маҷҩым аибашьра аветеран. Урҭ иреиуоуп: Леон иорден занашьоу, Ҧақәашь ақыҭа ахадаси ақыҭа ахьчара ахеилак ахантәаҩыси иҟаз Заур Быҭәба. Уи иҧа, раҧхьа ахырҕәҕәарҭаҿы еибашьуаз, анаҩс игәырҵҟәыли идырреи рзы арациа ахархәарахь ииаргаз, аибашьра ашьҭахь изаамҭанымкәан машәырла иҧсҭазаара ҿахҵәеит, «Агәымшәараз» амедал ианашьоуп Ҭемыр (Тимка) Быҭәба, иара убас 16 шықәса зхыҵуаз, аибашьра еибганы иалҵыз Хьымца Ҷыҭанаа.

Аиашазы, аибашьра еибашьроуп, уи иацуп ахьаа, агәырҩа, аҧсҭбара, аха аибашьраангьы аҧсҭазаара аанҿасуам… «Аиқәаҵәа ашьҭахь, еснагь ашкәакәа» шыҟало иазхәыцны ргәы камыжькәан, аибашьцәа ргәы ашьҭыхразы усҟан иаҧырҵон аибашьра иазкыз ашәақәа. Иануадаҩу аамҭазы, ашәа аҟара ауаҩы игәы шьҭызхуа ыҟам, уи хәрыбҕьыцуп зегьы рзы.

Зыӡбахә ҳамоу аеҳәшьцәа Илонеи Медеиеи ашәаҳәарахь ирымаз аҟазара, аибашьра адәаҿгьы – ҳаибашьцәа рҿаҧхьа иаадырҧшуан. Урҭ рыбжьы хааи ачамгәыр ианҵаны инарыгӡоз ахаҵареи агәымшәареи ирызкыз ашәақәа ҳаибашьцәа рымч ҩбанатәуан, ргәы шьҭнахуан. «Ҳгәыҧ еиднакылоз, аибашьра ҟалаанӡа ансамбль «Ерцахә» иалаз ҳгәылацәеи ҳареи еиҧхьбарак аныҟалоз гәышьҭыхгас ашәа аацәыраагалон. Усҟан, «ҳааҵраҿы» итәаз аҕа ҳабжьы шааиаҳалак, абџьар хкыс имаз зегьы рыртҟәацра далагон… Аха ҳара ҳгәы каҳажьуамызт, ашәа ҧсыс иаҳхан… 17 ашәа иит аибашьраан, хаҭала ҳара инаҳагӡоз», – дҳацәажәон Медеиа.

Уи лажәақәа рыла, усҟан инарыгӡоз ашәақәа реиҳарак Заур Гындиа иажәақәа ирылхын. Урҭ ируакуп «Ақырҭуа ан дҵәуон аҧсышәала» зыхьӡу, (амузыка аҧылҵеит Медеиа). Ашәа «Иҳаҧхьоит Арӡынба ибжьы» акәзар, аҭоурых аҿы инхаз иреиҕьу ашәақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Уи ажәақәа иҩит З.Гындиа, амузыка Вальтер Ҧачлиа. Хаҭала, ашәа «Аҧсны Афырхаҵа» ажәақәеи амузыкеи Медеиа Кәакәасқьыр-ҧҳа илтәуп.

Медеиа даара лгәы иаланы иазгәалҭеит, аибашьраан ииз, инарыгӡоз ашәақәа 17 рахьтә ашәа заҵәык оранжировка шыҟаҵоу, егьырҭ ашәақәа зегьы ҿыц аиҭаҭаҩра шырҭаху. Аха, хаҭала, дара аҭагылазаашьа шрымам урҭ реиҭаҭаҩразы. Зыӡбахә ҳамоу ашәақәа ҳаибашьцәа ргәы шьҭызхуаз, аҭоурых иазныжьтәу роуп.

Медеиа аибашьра ашьҭахь, амузыкатә ҵарагьы хлыркәшеит, афилолог изанааҭгьы лоуит. Ашәа лҳәон «Ерцахә» ансамбль аҟны, иара убас Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә капелла аҟынгьы лаҳәшьа Илонагьы ларгьы ашәа еицырҳәон, аус еицыруан, уигьы амузыкахь лхы лырхеит.

Медеиа ҩ-занааҭк шлымоугьы, иахьа амузыка аганахьала аус шылымуагьы «сара смузыкантуп» ҳәа ауп ишылҳәо, занааҭс илшьо Анцәа илыцишаз абаҩхатәра ауп. Лыхшара рахьтә, лҧа Саидгьы дмузыкантуп, лышьҭра дықәлеит, ансамбль «Кавказ» аҟны акордеон дыхәмаруеит. Лыҧҳа Серада ддизаинуп.

Ажәакала, Медеиа лхатә ҩыза, аибашьра аветеран Алмысхан Адлеибеи лареи иҭәы-иҧха иҟоу  аҧсуа ҭаацәара бзиа аҧҵаны ирымоуп. Ааигәа рыҩнаҭа аҟны иҟан агәырҕьара, аҭацамшы ззырҳәо ансамбль «Кавказ» акәашаҩ Милена Аџь-ҧҳа рыҩнаҭа дыҩнанагалеит.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, «абџьар шьҭыхны ианҭҳарҟьо, шьҭарнахыс агәырҕьара иатәхааит». Хаҭала, сҩызцәа аиба­шьцәеи сареи 30 шықәса раҧхьа Аҧсадгьыл ахьчара ҳахьалахәыз, сахьымхәӡеит. Аиааира иаӡбеит зегьы. Аҭынчра аамҭаз еиҳау аиааирақәа рбаразы агәаҳәара ду сымоуп, лҳәеит «Агәымшәараз» амедал занашьоу Медеиа Кәакәасқьыр-ҧҳа.

Медеиа лаҳәшьа Илонагьы иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me