«Ҳфорум Аԥсны Ахада Жәлар Реизарахь иааишьҭыз ацҳамҭаҿы, иарбаз аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. Уи аҿы аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит аҳәоуеиқәшәареи амчрақәа зегьы реидкылареи аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарреи ауаажәларреи дара-дара еизыӡырҩлароуп, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәаразы аус еицыруроуп. Иахьатәи афорумгьы уи иадҳәалоуп. Аҳәынҭқарра аганахьала, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәразы жәаҳәарада, ауаажәларреи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи раԥшьгарақәа адгылара рынаҭалароуп», – лҳәеит афорум аартуа Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба.
«Аԥсны иқәынхо еиуеиԥшым амилаҭқәеи аконфессиақәеи рыбжьара аҭынчреи аҭышәынтәалареи, аилибакаареи ирыбзоурахоит Аԥсны аизҳазыӷьара. Еиҳаракгьы иахьа адунеи аҿы аҭышәынтәалара аныҟам. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ауаажәларра ракзаара ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара акырӡа зҵазкуа акакәны иаанхоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҿы.
«Ауаажәларратә Палата аусура ашықәсқәа ирылагӡаны изныкымкәа ачынуааи еиуеиԥшым аполитикатәи ауаажәларратәи мчрақәа рыбжьара иаарту аицәажәара ахьымҩаԥырго ҭыԥны иҟалахьеит. Ароуп ауаажәларра ринтересқәа иреиуоу, атәыла аҭышәынтәалареи аҿиареи рҿы анырра азҭо азҵаарақәа иахьрылацәажәоз. Ари акрызҵазкуа, аҭакԥхықәра ду зцу усуп, афбатәи ааԥхьара алахәылацәа уи ҭакԥхықәрала инарыгӡеит», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Ауаажәларратә Палата афбатәи ааԥхьара аусура ахә ҳаракны ишьо.
Инаҵшьны иҳәеит убасгьы, аусуратә ԥышәа ду змоу аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы хәы змаӡам алагала ҟазҵаз Сократ Џьынџьал Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц алалара мап ахьацәикыз игәы ишалоу.
«Исымоу алшара схы иархәаны афорум алахәылацәа зегьы рҿаԥхьа, ҳаҭыр зқәу Сократ Раҷ-иԥа акыр шықәса ижәлар рымаҵ аура иазырхоу иуалԥшьа ахьынаигӡоз азы ҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп. Шәыԥсҭазаара зегьы аԥсадгьыл амаҵ аура иазышәкит. Иҭабуп зегьы рзы. Ишәымоу хәы змаӡам аԥышәеи аҟәыӷареи рышҟа, лассы-лассы ҳхьаԥшлоит», – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада аполитикатә мчқәа зегьы алархәны иаарту аиҿцәажәара амҩаԥгара дадгылоит. «Ҳара ҳаиԥылалароуп, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәалароуп, ауадаҩрақәа ҳрылацәажәалароуп, урҭ рыӡбара ҳашьҭазароуп. Аха ари аиҿцәажәара аконструктивтә ҟазшьа амазароуп, аконкреттә еихьӡарақәа роура иазынархазароуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада афорум аҿы.
Уи агәра игоит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа реиҿкаараҿы ихадоу ароль Ауаажәларратә Палата анагӡара алшоит ҳәа.
Даӷьысҭан Ауаажәларратә палата алахәыла Аигун Магомедов, ауаажәларратә форум «Аицәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара» аҿы дықәгыло иҳәеит, ишьҭыху атемақәа ӡбашьас ирымоу иаарту аицәажәара ауп ҳәа. «Даӷьсҭани Аԥсни еицырзеиԥшу азҵаарақәа рацәоуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит ақыҭақәа ааныжьны ақалакьқәа рахь нхара аиасра, имаҷу ауалафахәы, аҵарадырра иадҳәалоу азҵаарақәа уҳәа егьырҭгьы» - ҳәа азгәеиҭеит Магомедов. Уи Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ ихьӡала даԥхьеит Аҟәа имҩаԥысуа Ауаажәларратә форум алахәылацәа ирзынархоу ашәҟәы.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал иазгәеиҭеит ауаажәларреи атәыла анапхгареи русеицура шхымԥадатәиу. «Аҳәынҭқарреи ауаажәларреи есымшатәи русеицура иалҵшәахоит иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра аргылара. Ауаажәларра адгылара рыҭалатәуп, актуалра злоу азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбара иалархәлатәуп. Аҿиара, асоциалтә еиҟарамра аларҟәра, аконфликтқәа раԥырҟәҟәаара рзы ихадоуп атәыла анапхгарахь агәрагара. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ари лассы-лассы ҳзызхьамԥшуа ҵабыргуп», – иҳәеит уи. Сократ Џьынџьал игәаанагарала, уажәтәи асистемаҿы аполитикатә конкуренциа амеханизмқәа ыҟаӡам. «Аполитикатә партиақәа инагӡаны рфункциақәа рынагӡара рылшом. Абарҭ рфункциақәа иреиуоуп зегь раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра аҿиаразы апрограммақәа реиқәыршәареи, акадрқәа разыҟаҵареи, азакәан инақәыршәаны амчразы ақәԥареи. Амчразы ақәԥашьа азинтә знеишьақәа иреиуоуп алхранӡатәи апрограммақәа реиндаҭлара. – иҳәеит Џьынџьал.
Ауаажәларратә Палата алахәыла, азиндырҩы Ҭамаз Қьецба игәаанагарала акризисқәа зыхҟьо Аԥсны аполитикатә система ахьажәыз ауп. Аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы, алхрақәа раламҭалазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара мап ацәктәуп, иара убас, апартиа-политикатә система аиҭакрақәа алагалатәуп.
Уи иажәақәа рыла, Аԥсны аполитикатә процесс амҩаԥысраан азакәан зегьы рзы еиԥшны аус ауам. «Аполитикатә процесс иамоу агәҭынчымра зыхҟьо аполитикатә елита иамоу аҩаӡара ахьылаҟәу ауп, уи аԥыхразы апартиа-политикатә система аиҭакрақәа алагалатәуп», – иҳәеит Қьецба.
Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагба иазгәалҭеит адемографиатә зҵаарақәа ауаажәларра аҿиаразы ихадоу аҭыԥ шрымоу. Лара лажәақәа рыла, адемографиа азҵаара аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ихадоу зҵаараны иаанхоит. Ҳагба иазгәалҭеит, ахшара рацәа змоу аҭаацәара раҳаҭыр ашьҭыхра шаҭаху. Аҭаацәа рыцхырааразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара алҵшәа бзиа убаратә иҟоуп, иҵегьы адгылара рҭахуп, есышықәса ирзыршәо аԥара иацҵатәуп. Иара убас, арепатриациа азҵаара адемографиазы ихадоу аспектны дахәаԥшуеит: ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыргьежьра ихадоу зҵаароуп. Ҳагба инаҵшьны иазгәалҭеит арепатриациа стратегиатә программаны ишыҟаҵатәу.
Ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрба мрагыларатәи араионқәа рҟны иҟоу ауадаҩрақәа дырзааҭгылеит, иазгәеиҭеит ақыҭақәа рыҿиара иаԥырхагоу, урҭ рҭышәынтәаларазы иҟаҵатәу. «Иҟоу абиуџьеттә система ақыҭақәа рфинанстә хьыԥшымра рымнахуеит, уи иахҟьаны ахаԥшьгара аарԥшрагьы рҭаххаӡом. Ишиашоу афинанстә цхыраара анапхгаратә система аилаҳарахь икылнагоит», – иҳәеит Агрба.
Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум алахәылацәа 2036 шықәсанӡа адемографиатә ҿиаразы Амилаҭтә программа аус адулареи ашьақәырӷәӷәареи мҩаԥгазарц ажәалагалақәа ҟарҵеит. Аихшьаалатә резолиуциа даԥхьеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа. Апрограмма иалагалатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп:
–аус адуланы ишьақәырӷәӷәатәуп 2036 шықәсанӡа аҿҳәара змоу адемографиатә ҿиара Амилаҭтә программа, уахь иаҵанакоит анаҩстәи апроектқәа: «Хҩык ахшара змоу аҭаацәара», «Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа нхарҭала реиқәыршәара», «Аԥсны аҭаацәара қәыԥш»; Апроект иахәҭакуп зинҷыдала анхарҭа аахәаразы алшара.
–атәылауаа рықәратә категориақәа зегьы зҵазкуа есышықәсатәи адиспансеризациа амҩаԥгара азгәазҭо аҳәынҭқарратә программа «Агәабзиарахьчара аҿиара»;
–адемографиатә дыррақәа реилкааразы ауааҧсыра зегьы ашәҟәы рҭагалара мҩаҧганы, аирақәа, аҧсрақәа, амиграциатә процессқәа рыстатистикатә ҳасаббара асистема еиӷьтәтәуп;
–Гал, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы инхо, милаҭла иаҧсуоу, аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра змоу ауааҧсыра рзы азакәанҧҵара аԥсахрақәа алагаланы, «аԥсуа» ҳәа рмилаҭи уаанӡа иныҟәыргоз аҧсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара азин рыҭатәуп;
–анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло рзы автономтә реабилитациатә центр аԥҵареи амҩангара (асоциалтә патронаж) алагалареи;
–анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло ргәабзиаратә ҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылареи уи ашьҭахь асоциум разырхынҳәреи иацхраауа аилазаара аусбарҭабжьаратә ҩаӡарала адгылара аҭара;
Афорум аихшьаалақәа рыла, арепатриациазы аамҭакьаҿлатәи абжьараамҭалатәи Аҳәынҭқарратә программақәа аус рыдулара иазынархоу адокумент иазгәанаҭоит:
–Аҧсни, анҭыҵ иҟоу уи адиаспореи рекономика-инвестициатә лшарақәа тҵаатәуп, арепатриантцәа, адиаспора ахаҭарнакцәа арепатриациа апроцесс азы ирымоу аҧышәеи агәаанагарақәеи еилкаатәуп;
–адиаспора ахаҭарнакрақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рыла уажәы иахьынхо аҭыҧ аҿы еиҧш, Аҧсныҟа ианиаслак ашьҭахьгьы арепатриантцәа рыбжьара аинформациатә усура мҩаҧгатәуп. Абызшәа арҵара акурсқәа рзаҧҵатәуп, иахьынӡауа усурҭала еиқәыршәатәуп;
–аколлективтә нхарҭа аҟынтәи азанааҭтә ԥышәеи, аматериалтә лшарақәеи, арепатриантцәа рҭаацәарақәа реилазаареи ҳасаб рзуны анхарҭақәа роураан хазхаҭала ахырхарҭа змоу ацхыраарахь аиасразы аҭагылазаашьақәа рзы анхарҭақәеи адгьыл ҭыԥқәеи ррезервтә фонд аԥҵара;
–арепатриантцәа ахатәтәратә зинқәа роура анрылшо аҿҳәара аҳәаақәҵара;
–арепатриациеи адемографиеи рзы Аминистрра аԥҵара, аминистр, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ изинмчхарақәа иҭаны;
–арепатриантцәа рзы атәылауаҩшәҟәы аиуреи атәылауаҩшәҟәы аԥсахреи рырмариара;
–адиаспореи ҳареи еиҳа ҳаимадарақәа рырӷәӷәаразы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишиашоу апассаџьыртә мшынтә еимадара аиҿкаара алыршара аҭҵаара;
–адемографиеи арепатриациеи рыпроблемақәа рзы есышықәсатәи Аԥснызегьтәи афорум ашьаҭаркра – амчреи, абизнеси, АИХ-қәеи, ауаажәларра реицәажәареи азы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа ҭыԥк аҳасаб ала.
Убасгьы, афорум аихшьаалақәа рыла, ажәалагала ҟанаҵеит ашколқәа рҿы агроклассқәеи амҩақәҵаратә системақәеи аԥҵазарц.
Ақыҭанхамҩатә занааҭқәа зманы ақыҭахь аусуразы ихынҳәуа аушьҭымҭацәа рзы иазҧхьагәаҭатәуп 100-нызықь мааҭ иҟоу агранттә цхыраара.
Ақыҭақәа рҿы еиҭамҵуа амал ахатәра азин азҵаарақәа рҭыҧ ақәҵара аҧшьгатәуп, имҩаҧгатәуп адгьылтә фонд асистемаркра, фактла ауаа ирымоу адгьылқәа шәҟәыла реиқәыршәара, анхамҩатә шәҟәқәа ринвентаризациа. Ари аус иалнаршоит аелектронтә база аҧҵара, анаҩс Иаку аҳәынҭқарратә шәҟәынҵа аиқәыршәара.
Абиуџьетркра асистема рҿыцтәуп, ақыҭатә ҩаӡара закәанла иаҭатәуп ахатәы хашәалатә хыҵхырҭақәеи (ашәахтә лагалақәа рыхәҭак) аныхратә зинмчқәеи. Убри аан иақәнагоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит иаку аҧхьаӡара асистемахь аиасра, ақыҭақәа рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараан аҧарақәа ахыҵуеит иаку аҧхьаӡара, ардыргала. Даҽа ганкахьала, ари аҩыза аӡбамҭа абзоурала аҳәынҭқарра иалшоит зҵакы дуу аныхтә операциақәа ирласны рыӡбара. Арезолиуциа авторцәа абжьгара ҟарҵоит, убасгьы ауааԥсыра рпроектқәа аԥарарзоужьрази ақыҭаҿы аԥшьгаратә биуџьетҟаҵара апрактикеи алагалазарц.
Апрограмма «Ақыҭа ашықәс» иазоужьхо аԥарақәа ракәзар, аҭыԥантәи ауааԥсыра иалырхуа аԥышәаратә проектқәа ирзырхатәуп. Уи адагьы, абарҭ амеханизмқәа рԥышәареи иаку астратегиа аус адулареи рзы ақыҭатә депутатцәа рзеиԥш еизара мҩаԥгатәуп.
Аԥсны аиҳабыра реиҿкаараҿы Жәлар Реизара-Апарламент азинмчхарақәа ырҭбаатәуп аполитика-зинтә системеи аҳәынҭнапхгара асистемеи реиӷьтәразы ҳәа аҳәоит Аԥсны Ауаажәларратә палата аихшьаалатә резолиуциаҿы. Уи аетапқәа ируакхоит ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәо, апартиарацәара аҿиара алзыршо «Аполитикатә партиақәа рзы» азакәан аус адулареи адкылареи. Иара убасгьы, адокумент авторцәа ргәаанагарала, иахьазы аус зуа Апарламент ааԥхьара иаԥшьнагароуп аизышәара-мажоритартә алхратә системахь аиасра.


