Аԥсуа жәлар рмузыка арҳәагақәа

Ражьден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Аԥсуа жәлар рмузыка арҳәагақәа роркестрқәа XV ареспубликатә фестиваль «Аԥхьарца».

Сынт́әа уи иалахәыз асасцәа дахьқә́а рхыԥхьаӡараҿы иҟан Шәачантә, ҳашьцәа адыгақәа рыла ишьақәгылоу аколлектив «Насыԥ», ақалақь Туаԥсе «Современныи Кавказ», иара убас О.Хунцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр, ансамбль «Гунда» –ақалақь Аҟәа, Абжьыуаа рҿар» – Очамчыра, «Мырзаҟан» – ақалақь Гал. «Аԥхьарца» – ақыҭа Лӡаа убас иҵегьы.Афестиваль «Аԥхьарца» иалагаанӡа уи амҩаԥгаҩ Ахра Кәарҷиа дахцәажәеит Аԥсуа жәлар рмузыка рҳәагақәа роркестрқәа рфестиваль аҭоурых. «Аԥсуа милаҭ жәытә-натә аахыс ирымаз амузыкатә культура аиқәырхара иазкны Иван Кортуа ихьӡ зху ацентр аҿы иаԥырҵеит афестиваль «Аԥхьарца». Есышықәса имҩаԥысуа ари афестиваль, сынтәа иазкуп еицырдруаз ансамбль «Нарҭаа» аиҿкааҩ, ауаажәларратә усзуҩы, аԥсуа культуреи аҟазареи ирзааԥсахьаз Иван Кортуа игәалашәара.
Аконцерттә программа хацдыркит аҳәынҭқарратә Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа адаул асцәа ргәыԥ «Адаул», анапхгаҩы Ричард Ҳашыг. Ахәаԥшцәа напеинҟьарала ирыдыркылеит абжьы хаа зхоу, жәлар ринструментқәа, аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца зегьы ҟазарыла изырхәмаруа ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа – Очамчыра ақалақь Аҿар Рыҩны аҟны еиҿкаау рықәгылара «Абжьыуаа рхьыбҿар» рықәгылара, анапхгаҩы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Марина Шьинелиа. Урҭ инарыгӡеит ашәақәа: «Салуман ахаҵа», «Бара быда дыҟаӡам». Иазгәаҭатәуп ари ансамбль аԥҵараҿы, аҟазара злоу реидкылараҿы, насгьы жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рыла реиқәыршәара шлыбзоуроу Аҿар Рыҩны аиҳабы Селма Занҭариа-ԥҳа.
Асценахь ицәырҵит аоркестр «Афон», анапхгаҩы Анета Сангәлиаԥҳа, инарыгӡеит аԥсуа кәашаратә мелодиақәа. Џьырхәатәи ихарҭәаау абжьаратә школ аҿы еиҿкаау аоркестр «Аиааира» ҟазарыла инарыгӡеит ашәақәа «Ан дшыцәаз лыԥҳа дыргеит», «Ахьча Сакьа», асахьаркыратә напхгаҩы Иана Цәеиԥҳа.

Тото Аџьапуа ихьӡ зху амузыкатә школ аҵаҩцәа рансамбль – анапхгаҩы Лиубов Черқьезиа, инарыгӡеит ашәа «Сынана Даха». Ус асценахь иаарԥхьеит афестиваль асасцәа, Шәача еиҿкаау адыгақәа рансамбль «Насыԥ». Иара убас Туаԥсе акультуратә центр аҿы еиҿкау «Современныи Кавказ» (анапхгаҩы Кәынова Марина) инарыгӡеит адыга жәлар рмелодиақәа.
Аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Даур Ԥарулуа напхгара зиҭо аколлектив «Аԥхьарца», ақалақь Гагра инарыгӡеит аԥсуааи ауаԥсааи рыкәашаратә мелодиақәа рпопури, иара убас «Синана».
Асценахь ицә́ырҵит Аԥсны зегьы бзиа еицырбахьоу Гал акультуратә Ханаҿ еиҿкаау ансамбль «Мырзаҟан», анапхгаҩы Иракли Џьумутиа.
Ареспубликатә фестиваль «Аԥхьарца» хыркәшо уи аиҿкааҩ, Иван Кортуа ихьӡ зху арҿиаратә центр аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Нури Ермеи-иԥа Кәарҷиа афестиваль иалахәыз зегьы агәала­ршәагатә ҳамҭақәа ранаишьеит. Насгьы иаликааит ҳаԥхьаҟа ари еицлабрак аҳасабала ишымҩаԥысло.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me