Асабша, ианвар 28 азы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаҧган Аҧшьа Николаи Ассиррҿиаҩы (Чудотворец) ажәытәтәи иуахәама аҧшьара. Уи мҩаҧыргеит Аҧснытәи Ақьырсиан иаша­­хаҵара аиҳабы аиереи Вис­сарион (Аҧлиаа), Аҧс­нытәи адин­маҵзура аҧшьаҩцәа. Ауахәамаҿы ашәа рҳәон Аҟәатәи акафедралтә уахәама ахор.
Ианвар 26 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигаз инарҭбааз аилацәажәара азкын 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа рыҟаҵара.

Аҧеиҧш змоу апроект

27 Ажьырныҳәа 2023 12:16
Аҩажәатәи ашәышықәса аҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан Аҧсны ихацыркын аефиртә хәшақәа рыҭҵаара. Ахәша еиҳа еиҕьны излыҵуа аҵиаахкқәеи ашәырхкқәеи рыҧшаара, ралкаара, уи моу ҳтәылаҿы иззымҳауа акультура хкқәа аҳәаанырцәынтәи иааганы реиҭаҳара мҽхакы ҭбаала ихацдыркуеит аҩажәижәабатәи ашықәсқәа ралагамҭазы.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me