Ашьхақәа ирыгәҭылаку ақалақь ҧшӡа Тҟәарчал далиааит, заҧхьаҟа исахьаҭыхҩхараны иҟаз аҭыҧҳа Диана Воуба. Уи баҩхатәраны илылаз асахьаҭыхра есааира аҽцәырнагон, аҽаанартуан. Ашкол аҟны аҵара ахьылҵоз, лҩыга калам еиҧшҵәҟьа, лхы иалырхәо далагеит асахьа злаҭылхуаз лқыцә. Даныҩеидас, еиҳагьы ахархәара лзымариахеит. Иҭылхуаз асахьақәа иуарҳәон лдунеихәаҧшра шышьақәгылоз, еибаркны изкыз амахәҭақәа.
Амаҵзурақәа русеицура Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазлхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусдкылара адгылара аҭара иазку арегионтә Фонд иаҭааит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аофициалтә саит. Аусуратә еиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура, адәныҟаекономикатә усура аҿиара, ареспубликақәа рҟны аус зуа анаплакқәа аимадара рыбжьаҵара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me