Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Гагра ақалақь асанитар-епидемиологиатә станциа ахыбра актәи аихагылаҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит. Гагра араион Ахадара иазоунажьит 20 млн. мааҭ инарзынаԥшуа, – ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагратәи ателехәаԥшра.
Гагра араион асанитартә ҳақьым хада Емине Иазычба лажәақәа рыла, асанитар-епидемиологиатә станциа ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара х-етапкны еихшан, урҭ рахьынтә ҩба иахьатәи амш азы ихыркәшоуп: уи абактериологиатәи ПЦР-лабораториақәеи ахьыҟоу актәи аихагыла шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара, иарбоу ахықәкы азы ихарџьхеит 6 миллионки 600 нызқь мааҭ.
«Алабораториақәа русура азԥхьагәаҭоуп мшаԥымза азбжазы. Уажәазы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи амаругақәеи аҩнымаҭәақәеи раагара иазыԥшуп – ҳәа лҳәеит лара. Емине Иазычба араион анапхгара асҟак ихымԥадатәиз аусурақәа рзы аԥара ахьазоунажьыз азы иҭабуп ҳәа лҳәеит. Ари ҳусура ахаҭабзиара аизырҳаразы иахәҭоу алшарақәа аԥнаҵоит, имҩаԥааго аҭҵаарақәа рырҭбаарагьы ҳалшоит, – лажәа хлыркәшеит Емине Иазычба.