АХЫҚӘКЫ ХАДА – «ЗЕНИТ» АЛАЛАРА АУП

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭ­қарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба ашьапылампылтә Клуб «Зенит» адиректор хада иха­ҭыԥуаҩ, анагӡаратә директор Максим Пого­релови ашьапы­лампылтә Клуб «Зенит» азыҟа­ҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара ацентр адиректор Сергеи Морозови дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭ­қарратә еилакы аофи­циалтә саит.

Аусуратә еилатәараҿ Ҭарашь Ҳагба иҳәеит: «Бзиала шәаабеит Аԥсны, Максим Алеқсандр-иԥа, Шәареи ҳареи ҳаибадыруеижьҭеи абар шьҭа хышықәса ҵуеит, сара гәахәара дула исыдыскылоит ҳаибабара ахьалыршахаз. Шәара сара саҵкьысгьы аԥсуа шьапылампыл аҭоурых жәдыруеит. Уи даара ибеиоуп. Ашьапылампыл Аԥсны ахаангьы ирылаҵәаны иҟан, аԥсуа шьапылампылтә школ Асовет Еидгылаҿы иреиӷьу школны иԥхьаӡан. Ҳара уи ҳазгәдуны ҳаҟоуп. Уажәгьы ари аспорт хкы ҳтәылаҿы зегьреиҳа бзиа ирбо спорт хкны иҟоуп». Ҭарашь Ҳагба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки ашьапылампылтә Клуб «Зенити» рыбжьара аусеицура алҵшәа бзиақәа шаанарԥшуа, Аԥсны ашьапылампыл аҿиаразы акырӡа шаҵанакуа азгәеиҭеит.

Анаҩс уи асасцәа дыдирдырит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа. Максим Погорелов, Аԥсныҟа аара дара рзы есымша гәахәара дууп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Даара ибзиоуп ҳара ари зеиӷьаҟам атәылахь ҳаара иацхраауаз ауаа иахьа русуратә уалԥшьа иацу аҭакԥхықәра ахьазҳауа. Ҳара ҳахәҭаала, зегьы иҳалшо ала ацхыраара аҟаҵара ҳазхиоуп, иахьышәҳәо ҳаҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара. Максим Погорелов иара убас Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахада ҿыц ганрацәала адгылареи ацхыраареи ширҭало азгәеиҭеит. Ахәҭакахьала, Шабаҭ Логәуа ашьапылампылтә клуб «Зенит» аус ацура ишацҵахо азы агәыӷра шимоу ааирԥшит. Сергеи Морозов шықәсырацәа инеиԥынкыланы Аԥснынтәи адгылара рызҭо зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Ишдыру еиԥш, Аԥсны абар шьҭа хышықәсоуп аус ауеижьҭеи ашьапылампылтә Клуб «Зенит». «Ҳара ҳхықәкы хада акәны иҟоуп Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа акоманда «Зенит» ихадоу аилазаара алалара рылшартә аҟаҵара», - ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба. «Ашьапылампылтә Клуб «Зенит» аҿы аҷкәынцәа разыҟаҵара – ари раԥхьаҟа профессионалла ашьапылампыл аҽазкра хымԥадатәиуп ҳәа аанагаӡом. Сара сгәаанагарала, зегьы ирыцку урҭ уаа бзиақәаны ирызҳарц ауп. Уи акоманда хада акадртә резерв аиҵааӡара иамоу аҵакы аасҭа акала еиҵам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Максим Погорелов.

Ҭарашь Ҳагба асасцәа аамҭа ԥшааны иахьырҭааз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранеишьеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me