Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзиабаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьаазым Агәмаа иҩымҭақәа реизга «Иалкаау». Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиара аҭоурых аҟны.