Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аусумҭа хатәра

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Ӡиӡариа Оҭар Платон-иҧа (Ӡари-иҧа) имонографиақәеи истатиақәеи реизга «Аматериалқәа аҧсуа-адыга бызшәақәа рлексикологиеи азеиҧш бызшәадырреи рзы» зыхьӡу, аҧсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵаарадырраҿы акырӡа зҵазкуа, шықәсы рацәала еидкылоу, бызшәадыррала иҭҵаау, ҭоурыхла ишьа­қәыр­ҕәҕәоу аусумҭақәа реизгоуп.

Иеиднакыло аматериал аҵарауаа мацара ирызкым. Иамоу аҭҵаарадырратә интерес ҳаракӡа инава­ргыланы, Аҧснытәи аҳәынҭ­қарратә университет аҟны, арҵаратә прцесс аҿы, алекциатә материалқәа реиқәыршәараан ахархәара аҭоуп. Хықәкысгьы иамоуп, аҧсуа-адыга бызшәақәа рзанааҭ лексика ажәытә шьаҭақәа аҿар разхьарҧшра, рыхдырраҿы инаганы агәыбылра дыркра, анаҩс аҭҵаа­радырра иадна­ҧхьало рыхшыҩ азышьҭра.

Атерминқәа аҭоурых-етимо­логиатә анализ рызуа автор аҧсуа, афиники, аиндори, ажәытә бырзен бызшәақәа рҟынтәи ақарҭвел бызшәақәа ирыдна­ҧхьалаз, иаланагалаз лымкаала дырза­аҭ­гылоит. Аҧсуа бызшәа иамоу амчхара ҷыдала иазгәаҭо, амаршәа кны дазнеиуа, дазымц­цакыкәа, факт материалла ишьақәырҕәҕәо, дызлацәажәо ибызшәеи дызну адгьыли аҧсуа ишитәу гәрамгара ацымкәа, аизга знапы иаку дазааигоит. Аҭҵаарауси арҵареи, абызшәеи аҭоурыхи знапы алаку, ирызхьаҧшуа зегьы рзы хәы змаӡам усумҭоуп.

Аҧсуа дгьыл анызаара гәырҩазго амилаҭ ицәырырго азҵаарақәа: Инхозма ари адгьыл аҿы аҧсуаа? Амшыни аҧсуеи еима­разма? Ирылазма урҭ аргыларатә ҟазара? Иаҧшәы­ма­­цәоума ҭоурыхла рыдгьыл аҿы дара рхаҭа? Рбызшәа ажәартә еилазаара иалшома рыҧшәмара ашьақәыр­ҕәҕәара? Аҧсуа-адыга бызшәақәа еихылҵшьҭраҵәҟьоума? Ҭҵара­дырра ҵаҵҕәы цқьала иҟоума абарҭқәа шьақәзырҕәҕәо?

Ихарҭәааны иҟоу алитература нҭырҳәыцааны иҭҵааны, иақәнаго азанааҭтә жәар еидкыланы, арҭ азҵаарақәа рҭакқәа жәаҳәарада иҵаҵҕәыркуп.

Аизга, Аҧснытәи аҳәынҭ­қарратә университет акафед­рақәа рыдагьы, Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә университетқәа рҵаратә программа иаларҵаша, аҧсуа-адыга бызшәашьаҭа акзаара шьақәзырҕәҕәо, абызшәатә ҭаацәара иаднакыло абызшәақәа рҵареи рыҭҵаареи зырманшәало, дара еибызҭо ажәартә еилазаара лҵшәала ихазырҭәаауа аматериал беиа агәылоуп.

Иаҳҳәаз азгәаҭаны, афило­логиатә ҭҵаара­дыррақәа рдоктор, апрофессор Ӡиӡариа О.П. (Ӡари-иҧа) имоногра­фиақәеи истатиақәеи реизга «Амате­риалқәа аҧсуа-адыга бызшәақәа рлексикологиеи азеиҧш бызшәа­дырреи рзы» аизга, Гь.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиура хымҧада иаҧсоуп.


Е.Ш.Ҭаниа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Ҭырқәтәыла  Ауниверситет Диузџье акафедра «Кавказтәи абызшәақәеи  акультурақәеи» адоцент Диузџье, Ҭырқәтәыла

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me